Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анапхгаҩцәа раҳасабрбақәеи анапынҵақәеи

Ианвар 26 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигаз инарҭбааз аилацәажәара азкын 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа рыҟаҵара.

Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аҧсны Иреи­ҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, аҳәынҭеи­лахәырақәа рнапхгаҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа.

2022 шықәсазатәи русура иазкны Аҟәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа раҳасабр­бақәа даныр­зыӡырҩы ашьҭахь, Аслан Бжьаниа ахадарақәа реиҳабацәеи Аиҳабыра иалоуи анапын­ҵақәа жәпакы риҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит абиуџьеттә ҟаҵар­бақәа рынагӡара аганахьала акыр ҧхьаҟа­царақәа шыҟоу.

«Уахь иаҵанакуеит Гагра, Аҟәа, Гәдоуҭа араион, еиҳа имаҷны – егьырҭ араионқәа», – иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа Аҧыза-министри уи ихаҭыҧуааи рнапы ианиҵеит ахада­рақәа реиҳабацәа хықәкыла ирацәа­жәаларц, аимадара рыбжьа­зарц.

Атәыла Ахада хшыҩ­зышьҭра азыҟаиҵеит араионқәа рҟны аусурҭадара аҩаӡара ахьыҳараку.

«Гал араион аҟны аусурҭадара аҩаӡара иартәоит 69%, Очамчыра – 85, Гәдоуҭа 81, Тҟәарчал – 85%, аусура зылшо ауааҧсыра рзеиҧш хыҧхьаӡара иадкыланы. Аҟәа араион аҟны зегь раасҭа аусурҭадара аҩаӡара ҳаракуп – 87%. Гәылрыҧшь араион – 53, Аҟәа ақалақь – 40, Гагра – 65% раҟара. Ари апроблема аҭыҧ ақәҵара ихадарақәоу иреиуоуп», – иҳәеит Ахада, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа ихы наиқәкны.

Атәыла Ахада иара убас иазгәеиҭеит асоветтә аамҭақәа раан ацитрустә шәырқәа раарыхра аусқәа зеиҧшраз, уажәы ҭагыла­заашьақәас иҟоу рыҭҵаара шаҭаху.

«Араион дарбанзаалак ахада идыруа­зароуп асовет аамҭазы аҟаҵарбақәа зеиҧшраз. Шәааи, ҳҿаҧхьа уснагӡатәны иқәҳар­гылап убас еиҧш иҟоу аҟаҵарбақәа ралыршара. Убри азы аҧарақәа аҭахума? Шәааи, иҳаҧхьаӡап амалқәа шаҟа аҭаху, иҳармазеип аинвестициатә проектқәа, ҳахәаҧшып иахьа адгьыл шьҭыхны измоу ртәы, ҳазхәыцып урҭ ишрыцхраалатәу, атехнологиа иашақәа раан аҽаҩра беиа аашьҭра адгьыл иалшозар. Шәааи, убас иҟаҳҵап, ҳара ҳадгьыл ҳныҟә­нагалартә еиҧш. Абри ҳазықәҧалароуп. Шәааи, культурак атәы ҭаҳҵаап, еилҳаргап, избан асоветтә аамҭазы шәнызқь тонна инареи­ҳаны аарыхра злалдыршоз, иахьа адефицит зҳамоу. Абасеи­ҧшҵәҟьа аус улатәуп егьырҭ акультурақәа рганахьалагьы… Акультура ахкқәак рганахьала ҧхьаҟацара алыршахар ауеит, ҳара уи ҳуалуп. Ари аиҳабыра рҿаҧхьа иқәгылоу уснагӡатәуп», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Аҧсны Ахада аекономикеи ақыҭан­хамҩеи рминистр­рақәа, араионқәа реиҳабацәа рнапы ианиҵеит ақыҭанхамҩа ашҟа аинвестициақәа рыҧшаареи ралархәреи рҽазы­шәарақәа азыркырц.

«Ишьақәшәыргыл аинвестициақәа аамҭа-аамҭала ралархәра аҿҳәарақәа, шәыҧшаала атәылаҿы, адунеи зегьы аҿы. Ҳара иаҳҭахыми, ақыҭақәа рҟнытә ақалақьқәа рахь ауааҧсыра рдәықәлара ҳамамзарц, аха усҟан џьара акала ауаа аус дырутәуп. Аус ааулароуп ҳҽеиқәыр­шәаны, уахи-ҽни», – иҳәеит иара.

Аилацәажәараҿы иҟаз адепутатцәа рахь ихы нарханы, Ахада иҳәеит абасеиҧш иҟоу аиҧылара дуқәа лассы-лассы ишымҩаҧыргало.

«Даара акырӡа аҵанакуеит шәара шәхаҭақәа шәеи­либакаара, шәеизыӡырҩра, дара рахьгьы, шәара шәахьгьы азҵаарақәа рықәыр­гылара. Анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура зинла еиқәыр­шәамзар, акырӡа зҵазкуа алҵшәақәа ралыр­шара ауӡом. Ҳарҭ зегьы иҵегьы активла аус ааулароуп», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Ахада иҟаиҵаз аҳәарала Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аилацәажәараҿы иҟаз адырра рылҭеит аиҳабы­рабжьаратә еиқәшаҳаҭра аганахьала. Абри аиқәшаҳаҭра иарман­шәалоит Аҧсны Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа, урҭ ринвестициатә усура.

«Шәара шәнапынҵала, Урыстәылатәи Афедерациа аеко­номикатә рҿиара Аминистрра адгыларала 2022 шықәса аҩнуҵҟала аус адааулауан аиқә­шаҳаҭра. Уи иарманшәалоит миллиардк мааҭк инареиҳаны Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ринвестициатә проектқәа Аҧсны иахьа­ҵанакуа рынагӡара. Апроектқәа руак аӡыргара мҩаҧысхьеит. Ҳазну аамҭазы егьырҭ аинве­стициатә проектқәа жәпакы реиқәыршәара ҳаҿуп. Аинвестициақәа рады­ҧхьалара иабзоураны анапаҿы иаагам адгьылҵа­кырақәа ахархәара роуеит, иҿиоит аинфраструктура. Уи ҳазну аамҭазы аинвестициатә политика адҵақәа ирықә­шәаӡом. Ари змадоу фымцалеи ӡылеи аиқәыр­шәарақәа роуп. Аинвестициа дуқәа ралархәра аусхкқәа жәпакы ирласны рышьҭыҵра иацх­раауеит», – лҳәеит Озган.

Аекономика аминистр лажәақәа рыла, Урыстәыла иара убас абанкқәа рганахьала Аҧснытәи анапад­кылаҩцәа льготала акредитқәа рыҭара апрограмма иацхраауеит.

Ишьақәырҕәҕәоуп апрограмма анагӡашьа аҧҟарақәа, ишьақәды­ргылоит ажәа­лагалақәа. Проектқәак дәықәҵоуп Урыстәыла аекономикатә рҿиара Аминистрра ашҟа, аха урҭ ргана­хьала макьаназ аӡбам­ҭақәа ыҟам.

Аҳәынҭқарра Ахада дазааҭгылеит афымцамч ахә ахшәаара апроблемгьы.

«Ауалафахәы иахьабалак инықәыр­ҧшны еиҧшуп, араионқәа рҟны аҧареизгара акыр еиҩысуеит. Гал араион аҿы зегьы иреиҳауп. Уаҟа иаҳа ауаа беиоума? Ари азҵаара аиҳабыреи ахадарақәа реиҳабацәеи ҕәҕәалаҵәҟьа реицәажәара иамаҭәарны иҟалароуп. Иаҭах­хозар, анорматив-зинтә шәҟәқәагьы аиҭакрақәа рыла­галахоит. Ари аиҳабыреи араионқәа реиҳа­бацәеи руснагӡатә ауп», –иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада аилацәажәараҿы иҟаз идеилиркааит амаининг-аппаратқәа изакәанымкәа реикәыршара иазку аусура шеицәахаз.

«Аилацәажәараҿы убри аӡбахә сымҳәаӡеит, зегьы рыҽдырҭынчит, ргәы иаанагеит уи аҩыза апроблема ыҟаӡамҳәа. Жәанызқьла аппаратқәа ауаа рнапаҿы ирымоуп. Аҧхасҭа аҟаҵара аганахьала хә-аппаратк закәызеи? Арахь урҭ ҩынжәажәи жәаба нызқь ыҟоуп», – иҳәеит иара.

Атәыла Ахада хшыҩзышьҭра ҷыда ззиуз даҽа проблемакгьы. ари ареспубликатә мҩаду арҽеира ауп. Аҧыза-министр инапы ианиҵеит убри аганахьала аусура иациҵарц.

«Аҧарақәа ҧшаатәуп. Атуристтә аамҭа алагамҭазы амҩаду рыцқьа­хароуп, агәам-сам ықәгахароуп. Иахьабалак амҩақәа аҵәаҕәақәа рынҵатәуп. Иара убас ихыркәшатәуп Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30  шықәса ахыҵра аныҳәа­зынӡа Ҧсоуи Аҟәеи ирыбжьгоу амҩаду арлашара», – иҳәеит Бжьаниа.

Атәыла Ахада агәра ганы дыҟоуп, аиҳабыра иалоу макьана рхы иадмырхәарц амч-алшара шрымоу, ахы аус адулара шаҭаху.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me