Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақьырсиан ныҳәа ду

Ианвар 19 азы ақьырсианцәа ныҳәан иазгәарҭоит Ҳазшаз иӡаахреи мамзаргь Анцәа ицәырҵреи.

Абри амш аҽны Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Аӡаахра иазкыз аныҳәара мҩа­ԥигеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссариан (Аԥлиаа).

Ашьжьымҭан Акафедралтә уахәамаҿы анцәаиҳәара даҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Ҳазшаз иӡаахра – Қьырсиан ныҳәоуп. Уи шьақәыр­гылан Иисус Христос Иордан аӡиас аҟны Иоанн Анаҭҩы аӡы дахьӡааихыз аҳаҭыр азы. Аӡаахра аан, Ажәабжь бзиақәа (Аевангелиа) хԥа инарықәыршәаны, Иисус аҳәыҳә ԥшшәы аманы Иԥшьоу Адоуҳа аԥсы ихалеит. Аамҭак азы жәҩанахьтә бжьык геит: «Абри иоуп бзиа избо Сԥа». Иоанн иҟнытә Ажәабжь бзиаҟынгьы иарбоуп Иордан аӡиас аҿы Иисус Христос дышӡаархыз атәы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me