Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахыбра аҧсахра хдыркәшоит

Очамчыра араион анапхгара иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Ҷлоу ақыҭа ахадара ахыбра аҧсахра иаҿуп. Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Ари зыӡбахә ҳамоу ахыбра ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса ахынҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан. Уи аахижьҭеи акыр шықәса цеит,  ахыбра акәзар, ахар­хәаразы иазыҧҵәаз аҽҳәара иахысижьҭеи акрааҵуеит.

Ҭыҧ-ҭыҧла ахыб ақәа ахькылсуаз иахҟьаны ахаҳәҵәаҳәгьы баахьан. Иазгәаҭатәуп, ақыҭа ахадара анаҩсгьы, ари ахыбраҿы ишыҟоу аҭыҧантәи ауааҧсыра ахьы­хәаахәҭуа адәқьани, аҵәахырҭатә банк аҟәшеи. Ахыбра ахыб аҧсахразы Ҷлоу ақыҭа ахадара изныкымкәа араион анапхгара рахь аҳәара ҟарҵахьан.  ­Аха,  иахьа уажәраанӡа аҭагылазаашьа еиҭакра амамкәа иаанханы иҟан.

 Ацхырааразы ақыҭа анапхгара рҟынтә мызқәак раҧхьа  ҿыц иҩыз ашәҟәы инақәыршәаны, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иҟаиҵаз адҵала ихацыркын акраамҭа иззыҧшыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Урҭ рынагӡаразы иааҧхьан "Ахыбра" зыхьӡу аргыларатә фирма аҟынтәи аусзуҩцәа.  Аусурақәа рым­ҩаҧгара зырласыз иреиуоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз амш бзиақәа. Аргылаҩцәа ҧшьымш ирылагӡаны аусурақәа раҕьырак нарыгӡеит.  Иажәыз ахыб ахыхны, ахаҳәҵәаҳә зегьы ҧсахны иалагеит ахыб ҿыц ақәҵара. Уаанӡа иақәыз ашифер акәымкәа, уажәы ҳаамҭа иақәшәо аихатә хыб ала ирхыбуеит.

Аргылаҩцәа ражәақәа рыла, мышқәак рыҩнуҵҟа аусурақәа зегьы хдыркәшараны иҟоуп. Ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа иажәақәа рыла, уеизгьы-уеизгьы ахыб аҧсахра иџьашьатәу усны иҟамзаргьы, Ҷлоуаа рзы ари акраамҭа иззыҧшыз акәны иҟоуп. 

Араҟа иҳәатәуп, иаҳхысыз ҩнызқьи ҩажәиҩбатәи ашықәс анҵәамҭазы ари ақыҭаҿы рхыбқәа шыҧсахыз Ҷлоутәи абжьаратә школи акультуратә ҩни. Иааидкыланы иуҳәозар, ҧшь-нызқь ҧшьырқца метра инареиҳаны. Ҷлоутәи ақыҭа аизара ахантәаҩы Џьулетта Хәаҭланӡиа лажәақәа рыла, атәыла аиҳабыра  адгылареи ацхыраареи рзы мап рцәыркуам. "Ҳқыҭа гәыгәҭажьны иҟаӡам, уи ҳара, ақыҭанхацәа ҳгәы шьҭнахуеит. Агәра ҳнаргоит, аҧсуа қыҭақәа уаанӡеиҧш ишыҟало, иҿыцу аҧсы шырхало азы", – лҳәеит лара.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me