Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аусеицура алҵшәақәа

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы имҩаԥысит уи аиҳабы Тамила Мырцхәлааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесоваи реиԥылара. Иалацәажәеит ҩ-ганктәи русеицура, иара убас анападкылаҩцәа адгылара рыҭара.

«Акыр шықәса раахыс апалата ацхраауеит Аԥсны Урыстәылатәи анападкыларатә еилазаара ахаҭар­накцәа ахәаахәҭра-економи­катә уҳәа аусқәа рзеиҿкаара. Абри инавар­гыланы Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәаахәҭра-економикатә еизыҟа­за­ашьақәа рырҭбаара ҳадгылоит, ҳагьазхиоуп Аԥсныҟа атауарқәеи амаҵзурақәеи рекспорт», – иаҵылшьит Тамила Мырцхәлаа.

Уи ахәаахәҭра ахаҭарнак агәра ллыргеит Аԥсны аиҳабырагьы, абизнес хеидкылақәагьы интересс ишрымоу ааглыхра уҳәа егьырҭ аусхкқәа рырҿиара иазку еицырзеиԥшу апроектқәа.

Лара лганахьала Залина Кобесова, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусура ахәшьара бзиа аҭаны, иазгәалҭеит ахәаахәҭра ахаҭарнакра ауснагӡатә хада акәны ишыҟоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара. Урҭ азкуп Урыстәылеи Аԥсни рнападкыларатә хеидкылақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аимадара­қәа рырҭбаара, иара убас атауареи­ҭарсра азырҳара.

«Аус злеицаауша ахырхарҭақәа жәпакы ыҟоуп. Урҭ иреиуоуп Ареспубликаҿы аус зцыруша аҩызцәа рыԥшааразы Урыстәылатәи абизнес иҟанаҵо ааԥхьа­­рақәа, иара убас Урыстәыла имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа аҽрылархәра, уи арегионқәа рҟны аусеицура арҭбаара, абизнес уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рганахьала алшарақәа рыԥшааразы Аԥсны абизнес-хеидкылақәа аинформациа рыҭара», – иаҵылшьит лара.

Тамила Мырцхәлаа Залина Кобесова длыҳәеит Аԥснытәи абизнес еилазаарақәа рхаҭарнакцәа ацхыраара рылҭарц Урыстәылатәи арегионтә џьармыкьақәа рахь Аԥснытәи аалыҵқәа рнагаразы.

«Агәра ганы сыҟоуп, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи ахәаахәҭра ахаҭарнакреи рыбжьара ишьақәгылаз аустә, аиҩызаратә еизыҟаза­ашьақәа реиқәырхара. Уи наҟ-ааҟ ҳаинтересқәа рырӷәӷәара, ԥхьаҟа ргара иацхраауеит», – лҳәеит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Аиҳабы.

Аиԥылара иалҵшәахеит ҳаԥхьаҟатәи аусеицура аплан азгәаҭара, еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡаразы иааигәаӡаны аусеицура. 

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me