Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аимадарақәа ирыцҵауа

Жәлар Реизара адепутатцәа Ахра Ԥачлиеи Асҭамыр Герхелиеи ықәгылеит «ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицуразы аполитикатә партиақәеи агәыԥқәеи рфрак­циақәа русеицура аҵакы» ҳәа III Жәларбжьаратәи аконференциа аилатәараҿы.

Урҭ рықәгыларақәа рҿы иазгәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҵаулоу аҭоу­рыхтә еимадарақәа шрымоу.

Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рҟны аимада­ра­қәеи рзы Жәлар Реизара аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа еизаз дрыдныҳәалауа, иаҵишьит Аԥсны шрыхӡыӡаауа Урыстәылаҿы аиҩыза­ратә, аидгыларатә еимадарақәа.

«Аԥсни Урыстәылеи реизыҟаза­ашьақәа еснагь ишьақә­гылан, иахьагьы иҿиоит наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқә­ҵареи,  агәреибагареи, азинеиҟа­ра­реи рыла», – иҳәеит иара.

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак иалоу Асҭамыр Герхелиа иқәгыла­раҿы хшыҩ­зышьҭра азыҟаиҵеит ашәарҭадара алыршара аганахьала аусеицура азҵаарақәа.

«Аԥсны зегьрыла иадгылоит Урыстәыла­тәи Афедерациа имҩаԥнагауа арратә операциа ҷыда. Аԥснытәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа Урыстәылатәи асолдаҭцәа инарываргыланы Донбасс еиба­шьуеит, ашьа карҭәоит», – иҳәеит иара.

Аилатәараҿы дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқар­ратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, иара убас афракциақәа рнапхгаҩцәа, аконференциа иалахәу аделега­циақәа рхаҭарнакцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me