Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Таҷ Гыцба изкны

Иҧсҭа­заара далҵит аҧсуа хаҵа-нага, Аҧсуара ныҟәыз­­гоз,  асоветтә аамҭазы аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭ­ратә қәҧара иалахәыз, аџьабаа азыз­бахьаз, Аҧсуа ҳәынҭқар­ратә музеи аҟны аҭҵаарадырратә зҵаарақәа знапы ианыз адиреқҭор ихаҭыҧуаҩыс аус зуаз, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭ­ҵааҩ, «Ҳаҭыр зқәу адоқҭор», «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Таҷ Шьаабан-иҧа Гыцба.

Таҷ Гыцба 89 шықәса ниҵит. 90-тәи ашықәс анҵра амҩа днықәлеит аҟароуп! Аха, ҽнак заҵәык ауп иниҵыз: имшира ноиабр 20 аҽны акәын, дыҧсит – ноиабр 22 амш азы Иахьатәи аҧсуаа – уи ишықәсы маҷуп ҳәа ҳазҳәаӡом.

Таҷ Шьаабан-иҧа диит иҳаҩсыз ашәышықәсазы, Џьырхәа ақыҭан. Дрылиааит 30-тәи ашықәс бааҧсӡақәа. Урҭ иарҧысхоз  Таҷгьы инымҧ­шыр ауӡомызт: дрыӡры­жәуан, Сталин мчыла Аҧсны Қырҭ­тәыла иалеиҵан, аҧсуаа ртәыла зегьы ақырҭуа колониализм ахаҧаны иҟан.

Таҷ Гыцба, Дәрыҧшьтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩ­ратә институт, ибзиангьы далгоит. Аха, уи аҧхьаҟа, аррамаҵура ихигахьан,  арра дахысуан Польша. Уи шаҳаҭс дамоуп  «аҭоурых» иазымдырӡо, Аҧсны иҟалараны иҟаз - хҭыс бааҧсӡак. Уи акырынтә­гьы исеиҳәахьан. Иҭсыжьхьоу сышәҟәқәа ҩба рҟынгьы – иасырбахьеит, искьыҧхь­хьеит.

Иҟалаз уи ауп: хыхь зыӡбахә сҳәаз ашықәсан, маи мзазы, СССР ахьынӡа-наӡааӡоз архәҭақәа зегьы рахь, иара аҳәаанырцә арра иахысуаз асоветтә аруаа рахьгьы, инашьҭын «маӡалатәи ашәҟәы» – «ациркулиар». Убасҟан арра иахысуаз аҧсуаа аҷкәынцәа зегьы, еидкыланы, «иаарла­сӡаны» – Аҧсныҟа идәықәырҵарц, Аҧс­нынтә «Сибраҟа ихдырҵәа­раны иҟаз аҧсуа жәлар» ирылаҵаны – иахыргарц!

Сталин данҧсы, Бериа даныршь, СССР анапхараҿы Хрушьчов данааи ауп Аҧсны, аҧсуа жәлар рзы - ҧсеивгара хәыҷык аныҟалазгьы… 1956-1957 шықәсқәа рзы,  Аҟәа, Аҧснытәи афилармониаҿы, Алықьса Чычба «Аҧсуа жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль» еиҿикааит. Таҷ Гыцба аҧсуа ҟазара илан: дшәаҳәаҩын, дкәашаҩын. Чычба иансамбль аҟны шықәсқәак шәаҳәаҩыс далан.­

Аха, Таҷ Шьаабан-иҧа еиҳа ишьаҭа ахьынижьыз Аҧсны аҭоурых аҿоуп.

Раҧхьаӡа, 1963-1971 шықәсқәа рзы аусура далагоит Аҟәатәи аекскурсиатә  биуро аҟны методист еиҳабыс, нас - адиреқҭор ихаҭыуа­ҩысгьы. Аҧсны аҭоурых узымдыр­кәан араҟа аус узуӡомызт. Зегь раҵкьысгьы, Таҷ иусураҿы ауадаҩра дҭазыр­гылаз, араҟа аус зуаз аиҳарак агырқәа ракәын. Усҟан, Аҧсны аҭоурых «иақырҭуатәны» иҟарҵахьан, «аҧсуаа – иақырҭуа хылҵшьҭ­рақәоуп» ҳәа «Қырҭ­тәыла аҭоурых» рыҩуан, Қарҭынтә иаары­шьҭуаз «аекскурсиатә теқстқәа» ракәын, арҭ – Аҧснытәи агырқәеи, ақырҭ­қәеи зықәны­ҟәоз. Таҷ Шьаабан-иҧа абра, Аҧсны ақырҭқәа иаартны имҩаҧыргоз  ридеологиа хәымга даҿагылар акәхеит.

Аҧсныҟа иаҳзаауаз асасцәа, аҧсшьаҩцәа, ҳажәлар, ҳтәыла рҭоурых ииашаны ираҳәатәын, иҩтәын. Аекскурсиам­ҩаҧ­гаҩцәа ииашаны ирҳәашаз, изҧхьа­шаз, изқәныҟәа­шаз атеқстқәа рзыҩтәын: «Аҳҭны-қалақь – Аҟәа» иазкны, «Аҟәа – Риҵа», «Аҟәа-Анаҟәаҧиа», «Афонҿыцтәи ауахәама», «Аҟәа-Гагра-Пицунда» уҳәа амҩатә хырхар­ҭақәа рзы. Таҷ ирацәаны ашәҟәқәа дрыҧхьар акәхеит.

Урыс бызшәала, 1968 шықәсазы иҩит ашәҟәы-мҩақәҵага «Аҟәа – Риҵа». Аха, зегь раҵкьысгьы ацҭәа ахылҿиааит, 1975 шықәсазы урыс бызшәала ииҩыз аброшиура – «Памятники и памятные места Абхазии»  ҳәа зыхьӡыз. Уи, Аҧснытәи атуризми аекскурсиақәеи Рхеилак аҳарџь ала, Аҟәатәи атипографиаҿы иҭыжьын. 44-даҟьа иҟаз ари ашәҟәы хәыҷы, иаҧхьаз Аҧсны аҕацәа – агырқәа, ақырҭқәа,  «амца рыжәнаҵеит». Илалаган, 2000 цыра зхыҧхьаӡара (зтираж) ыҟаз, Аҟәатәи аекскурсиатә биуро ахыбра авараҿы, адәаны илеиқәыжьны, амца нацраҵаны ирблит.

Таҷ Гыцба ихаҭа ари ишәҟәы цырақәак изынхеит аҟароуп. Руакы, автор инапы аҵаҩны уи ашықәсан, апрель 8 аҽны, дахьӡаны исиҭаз, уажәыгьы иҵәах­ны исымоуп.

Таҷ Шьаабан-иҧа даараӡа иџьабаа рыдуп Аҧснытәи амузеиқәа. Ади­реқҭор ихаҭы­ҧуаҩ иусқәа нагӡо, иара далахәны, Агрба Гивии иареи еиҿыр­­кааит Дырмит Иасыф-иҧа Гәылиа Иҩны-амузеи. Уи аартын 1974 шықәсазы. Уантә диаган Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи ахь адиреқҭор ихаҭыҧуаҩыс, аҭҵаарадыррақәа рызҵаарақәа инапы ианын. Убри инаркны, иахьа уажәраанӡа, инеиҧынкыланы, акыр шықәса Таҷ аус иуит ари амузеи аҟны. Акыр шықәсагьы аус еицаауит иареи сареи.

Амузеи аус, ус иҟоуп: уаҟа ицәыргақәҵоу амаҭәарқәа - цқьа, ҭҵаарадыррала  иҭҵаамкәа, ицәыргақәу­ҵар ҟалаӡом. Амузеи иарҭо, археологцәа Аҧсны ирҧшаауа, араҟа иҭаҵәахны ирымоу амаҭәарқәа роума, изызку, иарбан аамҭоу изҵазкуа, Аҧсны аҭоурых азы иарбан хҭысу иаанырҧшу еилкааны ашәҟәқәа, «апаспортқәа» рыцуп. Нас ауп, урҭ амаҭәарқәа амузеитә цәыргақәҵахь, аекспозициахь, ианцәырырго. Иара уигьы, иҭышәантәалахьоу аекспозициатә цәыргашьа, аҭҵаара­дыр­ратә методикала… Абас еиҧш иҟаз, амузеитә ус уадаҩ­­ӡақәа ракәын инапы ианыз, дызҿыз Таҷ Шьаабан иҧагьы. Уи, Ермолаи Аџьынџьалии иареи Баҭым ицаны, уаҟа инхоз аҧсуаа рыбзазара аазырҧшуаз амаҭәарқәа ҧыҭк ари Аҧсуа музеи ахь иааргахьан.

Таҷ Шьаабан-иҧа Гыцба аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын, аџьа азибахьан. Инапы аҵаҩуп 1977 шықәса анҵәамҭазы иааҩыз, СССР анапхгарахь, Москваҟа-Кремль ахь иаҳшьҭыз - «Аҧсуа шәҟәы». Усҟан, уи ашәҟәы, ас анапаҵаҩ­ра агәаҕьра цәгьаӡан: хаҭалеи, амаҵу­ратә кариереи рзы – ишәарҭаӡан. Аха, 130-ҩык,  уи ашәҟәы знапы аҵаҩыз, аҧсуаа-ҕьеҩқәа рыгәҭа дрылагылан иаргьы.

Таҷ Гыцба далахәын, дрылан 1988 шықәса ноиабр-декабр мзақәа рзы Аҧсны ауаажәларра-политикатә еиҿкаара – «Аидгылара» аҧызҵаз ргәыҧ,  уи аусураҿы ибзиангьы ихы ааирҧшит.

Аха, ҷыдала, Таҷ Шьаабан-иҧа еиҳа дахьазгәаҭатәу, дахьалкаатәу – Аҧсны аҭоурых азы иаҧҵоу иусумҭақәа рылоуп. Иара ихаҭа, иабду Қәаҵәара,  иаб Шьаабан Гыцба рҟнытә иаҳауаз ажәытә аҧсуа жәабжьқәа, аҭоурых азы зҵакы ҕәҕәаз – ажәақәа, ажәеи­д­ҳәалақәа, афразеоло­гизмқәа гәынкыланы иман, иҳәон, ҳаицәа­жәараан, изгәамҭаӡакәан иҿыҵҟьон  урҭ аҧсуа «ҭоурыхтә жәытә ажәақәа». Саргьы сқьаад ахь ранҵара сналагон. Таҷ ус «иҳәамҭақәа» маҷымкәан, иҭсыжьыз сышәҟәы - «Аҧсуаа рхьыршәыгәқәа»  ианысҵеит аҭоу­рых иазынхаразы, искьыҧ­хьит…

Таҷи сареи акырынтә ҳаицныҟәа­хьан, акырынтә смашьынала ҳцахьан – Ауадҳара, Ҧсҳәы, Кәыдры аҩхаа иатәу ақыҭақәа – Дал, Ҵабал, Ажара, ашьха каҵәарақәа Клыхәра, Сакьан рахь. Иҩызцәеи иареи акырынтә ашьхарахь еицныҟәахьан. Уи, хаҭала дцаны, дырҿысхьан, Аҧснынтә – амраҭашәаратәи ашьхацамҩақәа жәпаџьара, дыҟан Нхыҵ-Кавказ инхо аҧсуаа ҳашьцәа – абазақәа, ашәуаа рқыҭақәа рҟны, рхаҭақәа дрыҿцәажәахьан уаҟа зықәра ыҟаз аҭаҳмадацәа. Акырџьара, ақалақьқәа – Москва, Санқҭ-Петербург, Краснодар, Шәача, Ереван, Қарҭ уҳәа рархивқәа рҿы аус иухьан, имаҷымкәан аҭоурыхтә хсаалақәа аус ахьиуаз амузеи ахьгьы иааигахьан. Ихаҭа, изуҳәар ҟалоит, «Аҧсны ашьхацамҩақәа зегьы шьапыла дырхысхьан» ҳәа.

Ихы аџьыка ықәхны, абас иџьабааҧса иабзоураны, 2002 шықәсазы, Аҟәа, Таҷ Шьаабан-иҧа Гыцба аҧсышәала иҭижьуеит, ҳҭоурых азы хәы змаӡам аҭҵаара­дыр­разы ашәҟәы ссир, амоно­графиа ду – «Аҧсуаа рышьхахьыӡқәеи рышьха­цамҩақәеи» зыхьӡу. Уаҟа иааирҧшуеит, ишьақәи­рҕәҕәоит ажәытәӡан аҧсуа хылҵшьҭ­рақәа рҭыӡ-ҭыҧқәа, аҧсуа аетнос ашьаҭақәа – аӡиасқәа Дәҩан (Дон), Ҟәыбина, акурорттә қалақьқәа – Алушҭа, Алуҧҟа, амшын «Азоу» («аз-аа – аҧсуаа рымшын», «Азовтәи амшын»), Ҟрымынӡа -  рҳәаақәа, рыдгьылқәа рҟынӡа ишынаӡоз, ишынхоз-ишаныз, «раҧсуа ҭыҧ­хьыӡқәа» иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы ишыҟоу. Иҳәатәуп, 2012 шықәсазы, Таҷ Аҟәа урысшәала ишҭижьхьоу аҭоурыхтә шәҟәы хатәра, абзиаӡа  –  «Страна древних абазгов»  зыхьӡу...

Аҧсуа жәлар Рҧыза, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Иқәҵара инақәыршәаны, Таҷ Гыцба напхгара аиҭон агәыҧ, еиқәзыршәаз, иредакциалагьы 1997 шықәсазы аҧсышәала иҭыжьу «Аҧсны Аҳәынҭ­қарра ахсаала».  Ҷыдала, иара убри «Аҧсны ахсаала» азы, 2005 шықәсазы, Таҷ Шьаабан-иҧа иаҭәашьоуп  «Ахьӡ-Аҧша»  аорден 3-тәи аҩӡара. Ашьҭахь, Аҧсны аҭҵаарадырра Академиа Апрезидиум ақәҵарала ихҵоуп – «Ҳаҭыр зқәу адоқҭор»   ҳәа аҭҵаара­дырратә хьӡгьы, ирҭахьеит амедал «Аџьазы ахҧша бзиа змоу»...

Таҷ Гыцба лабҿаба ибеит дыззықәҧоз алҵшәақәа: аҧсуа жәлар рыҧсадгьыл – Аҧсны иаҧшәыманы рынхара-рынҵыра, рыбзазашьа, иаргьы далахәны. Дахаанхеит ихьыҧшым, иазхаҵоу Аҧсны Аҳәынҭқарра! Аиҳабыратә абиҧарақәа цоит, ииасуеит. Убас, ааигәаӡа иҧсҭазаара далҵит Таҷи сареи ҳҩыза – Ермолаи Аџьынџьалгьы. Еиқәлацәан.

Таҷ Шьаабан-иҧа аҭаацәара бзиа аҧҵаны имоуп. Иҧҳәыс – Белла Допуаҧҳа, ахаҵамҧҳәыс, афырҧҳәыс ҳәа лзуҳәаратәы дыҟоуп. Таҷ иҭҵаара­дырратә усумҭақәа рылҵшәақәа, иуаажәлар рҿы иқәҿиарақәа зегьы лара илыбзоу­роуп: игәы дамырга­кәан, дызҿыз аус еилкааны – дахьылгӡон. Беллеи Таҷи ирхылҵит ҩыџьа аҧҳацәа.


24.11.2022 ш.

Игор  МАРЫХӘБА,

аҵарауаҩ,  аҭоурыхҭҵааҩы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me