Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Жәлар Реизараҿы

Абарҭ амшқәа рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепу­татцәа актәи аԥхьарала ирыдыр­кылеит 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет. Уи ааигеит Аԥыза-министр ихаҭы­ԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсны аҳәынҭқарратәи ареспубликатәи абиуџьетқәа ршәага-загақәа шьақәыргы­­лоуп 2022 шықәса ииуль 28 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәна­рӷәӷәаз асоциал-економикатә рҿиара Аиндика­­тивтә план ашьаҭала.

2023 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқар­ратә биуџьет ашәага-зага хадақәа абас иҟоуп: ахашәалақәа рганахьала 12 489 657, 2 нызқь мааҭ, ахарџьқәа – 14 165 530, 9 нызқь мааҭ, аҳәынҭбиуџьет адефицит – 1 675 873, 7 нызқь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа рзеиԥш мҽхакы арбоуп 9 622 244,9 нызқь мааҭ рыла, убрахь иналаҵаны Урыстәы­латәи Афедерациа афинанстә цхыраарагьы. Иааиуа ашықәс азы ареспубли­катә биуџьет ахарџьқәа рзеиԥш мҽхакы шьақәыргылоуп 11 298 118,6 нызқь мааҭ рыла. Ареспубликатә биуџьет адефицит ашәагазага шьақәыргылоуп 1 675 873, 7 нызқь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет аҟнытә аҭыԥантәи абиуџьетқәеи аҳәынҭқарра иатәу абиуџьетн­ҭыҵтәи афондқәеи рахь идәықәҵа­хоит 1 566 812, 2 нызқь мааҭ.

Иара убас ирыдыркылеит абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа 6 рбиуџьетқәа. Урҭ рыхәҭак ҵыхәаԥҵәа­латәи аԥхьарала ирыдыркылеит, егьырҭ – актәи аԥхьарала.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рфонд абиуџьет ахашәалақәеи ахарџьқәеи идыртәоит 199 миллиони 616,  9 нызқь мааҭ.

Адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы» азакәан. Ажәалагалақәа ааигеит адепутат Бадраҟ Ԥилиа.

Иара убас, Жәлар Реизара аилатәа­раҿы «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭ­қарра Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит. Адокумент ааигеит акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы Жәлар Реизара аилак ахантәаҩы Венори Бебиа.

«Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы» иҟоу азакәан ажәа­ла­гала ҟаҵоуп «Аԥсны зҽаԥ­сазтәыз асахьаҭыхҩы», «Аԥсны аҟазара зҽаԥсаз­тәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыла ихарҭәаазарц, иара убас «Жәлар рартист», «Жәлар рышәҟәыҩҩ», «Жәлар рпоет», «Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ирызку азакәан аԥҟарақәа ҿыц аредакциа рызузарц.

Жәлар Реизараҿы актәи аԥхьарала ирыдыр­кылеит «Афымцамч атарифқәа рышьҭым­хразы» азакәан­проект. Уи адкылара аԥшьигеит адепутат Ерик Рштуни. Атарифқәа рышь­ҭымхра рхыл­ҿиааит абарҭ афакторқәа: 2022 шықәса ииуль азы ахәқәа рышьҭыхра раԥхьати аетап икылнамгаӡеит процентла ахшәаатәқәа рылхра аиҳатәрахь; афымцамч шаҟа нырхуа ахылаԥшра аҟамзаара; шаҟа нырхуа зыԥхьаӡо априборқәа рыҟамзаара.

Иара убас адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аӡбаратә мчразы» Аконсти­туциатә закәан. Уи ааигеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба. Абарҭ аиҭакрақәа рызкуп Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭаҿы аӡбаратә усқәа реихшара, автоматизациала еибарку аӡбара-информациатә система аларҵәара. Адепу­татцәа реилатәараҿы ахԥатәи ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аԥсны Атәылауаҩратә кодекс актәи аҩбатәи ахәҭақәа ирызку аиҭакрақәа.

Жәлар Реизара адепутатцәа ратификациа азыруит 2015 ш. апрель 14 азы «Иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхауа Урыстәы­латәи Афедерациа атәылауаа пенсиала реиқәыршәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәыша­ҳаҭра» аиҭакрақәа ралагаларазы аԥкаанҵа. Адокумент налгеит Жәлар Реизараҿы Аԥсны Ахада еснагьтәи ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.

Иара убас, адепутатцәа ратификациа азыруит «Урыстәылатәи Афедерациа ахарџьқәа рыла Аԥсны Аҳәынҭ­қарратә усҳәарҭақәа русзуҩ­цәа ркате­гориа хадақәак руалафа­хәы ашьҭых­разы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Реиқәыша­ҳаҭра» аиҭакрақәа ралагалара.

Жәлар Реизараҿы аиҭакрақәа алагалан «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылаза­ашьазы», азакәан.  Иара убас, аиҭакрақәа алагалан «Ахәшәара аелектронтә хархәагақәа рыла Амилатә ԥарашәаратә системазы» азакәан­гьы.

Адепутатцәа актәи аԥхьарала аиҭакрақәа аларгалеит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәа­ратәи мшқәа рзы» азакәан. Аиҭакрақәа рыдыркылар, Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа шьақәзыргылауа аҳәынҭқарра Ахада иакәхоит.

Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит абарҭ аиҭакрақәа ишрылацәа­жәахьоу, насгьы агәаанагара шыҟоу аныҳәақәа рышьақәыр­гылара адепутатцәа рнапы ианҵазар еиҳа ишеиӷьу.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me