Аиубилиар 85 шықәса ихыҵреи ианашьоу аҳамҭеи идныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Сократ Раҷа-иԥа, гәахәара дула абри Аусԥҟа снапы аҵазҩит. Шәара шәҽаԥсашәтәыҵәҟьеит абри аҳамҭа» «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара. Даара уаҩы агәахәара инаҭоит Шәара шәеиԥш иҟоу аиҳабацәа ахьҳамоу. Ҳара ахә ҳшьоит, ҳаҭыр ақәаҳҵоит ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы ижәбаз аџьабаа. Уи хәы амаӡам. Анцәа ишәаҭәаишьааит агәабзиареи амчи».
Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит иара инапы зҵаҩу аусԥҟақәа жәпакы ауаа ишыргәаԥхо, ишыҟоу рацәак изгәамԥхауагьы.
«Аха абри аусԥҟа зегьы адгылеит, избанзар ҳтәыла ауааԥсыра зегьы Шәара шәырдыруеит зламыс цқьоу, зтәыла иапатриоту аӡәы иаҳасабала», – иаҵишьит Бжьаниа.
Сократ Џьынџьал аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәаларазы. «Убасҟан ихьамҭаз аамҭақәа раан схала акымзарак сылшарымызт, ҩызцәеи сареи ҳуалԥшьа наҳагӡон ҳамчқәа ҳармеигӡакәа. Сгәы иаанагоит иҳалшаз маҷым ҳәа, аха ҳаԥхьаҟагьы ишьҭоу рацәоуп», – иҳәеит Џьынџьал.
Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба даԥхьеит Ахада Иуԥсҟа.
Ахамҭа идкылауа, Сократ Џьынџьал иҳәеит: «Сара ари аҳамҭа сырхоит сылшамҭақәа рахь мацара акәымкәа, Жәлар Реизара актәи ааԥхьара алхрақәа рышьҭахь раԥхьаӡатәи ашықәсқәа раан аус зцызуаз, аибашьраан, иара убри ашьҭахь еивагылаз зегьы рылшамҭақәа рахь. Урҭи сареи ҳазнысыз рацәоуп. Зегь раасҭа ихадароу убри ауп, ҳара ҳҳәынҭқарра шьаҭас иамоу – ҳтәыла абџьар шьҭыхны изыхьчаз ауаа роуп. Дарбанзаалак хьыӡҳәала даҳгәалашәалоит, избанзар урҭ рфырхаҵареи рхамеигӡареи ирыбзоураны иахьа ҳанхоит-ҳанҵуеит, аҿиара мҩа ҳануп. Иааҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп урҭ ргәалашәара хәашьымхарц азы, дара рхы зқәырҵаз Аԥсны ихьыԥшым, ишәҭыкакаҷуа ҳәынҭқарраны аҟаҵаразы» – еихишьалеит Џьынџьал.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аиубилиар ҳамҭас ииҭеит аԥсуа хҭарԥа.