«Ҳаигәырӷьаны ҳҩызцәа ҳшәыдныҳәалоит Москва. Аҵыхәтәантәи аилатәара мҩаԥган 2021 шықәса декабр азы. Жәаҳәарада, аусура ԥкымызт, хара-харантәи аицәажәарақәа мҩаԥысуан, аусҳәарҭақәа рҽеимаданы русеицурала азҵаарақәа рҭыԥ иқәырҵон», – иҳәеит Алеқсандр Новак Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара аартуа.
Урыстәылатәи Афедерациа адгыларала Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара ацхраара иазку Аинвестпрограмма инақәыршәаны апроектқәа нарыгӡоит. Ҳаԥхьаҟагьы Аинвестпрограмма еиқәыршәоуп. Аус адулоуп, ишьақәырӷәӷәоуп 2025 шықәсазынӡа Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аҳәынҭқарратә программа.
Новак иажәақәа рыла, Аҳәынҭпрограмма «еиднакылеит Аԥсны аекономика арҿиаразы, уи атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәразы ахархәагақәа зегьы».
Урыстәылатәи Аԥснытәи аҩызцәа Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реиҿыбаара ашьаҭала Урыстәылеи Аԥсни ирзеиԥшу асоциалтә, аекономикатә қәыԥшылара ашьақәыргылара апрограмма анагӡара аус адырулоит.
«Апрограмма анапы аҵаҩын ҳтәылақәа Рхадацәа – Владимир Путини Аслан Бжьаниеи реиԥыларақәа раан. Абарҭ адокументқәа шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳаизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырҿиаразы, иара убас аринахыстәи ҳусура ахырхарҭақәа аԥырҵоит. Урҭ инхарҭәааны рынагӡара Аԥсны азы иаҳа акырӡа зҵазкуа апроблемақәа рҭыԥ рықәҵара иацхраауазароуп. Урҭ рымадоуп ааглыхратә аарыхра арҿиара, имаҷуи ибжьаратәуи абизнес, атуризм амҽхак ацҵара, аенергетикатә система аиҭакра», – иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.
Уи ҷыдала иаҵишьит Аԥсны стратегиала иаҩызаны, иадгылаҩны иҟоу Урыстәыла Аԥсны инеишьҭаргыланы ишарҿиауа политикала аицәажәара, адәныҟаполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рганахьала аусеицура.
«Аполитикатә шәарҭарақәа шыҟоугьы, Аԥсны аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны аимадарақәа шьақәнаргылоит, иагьрыдгылоит, иақтивнатәуеит апарламентбжьаратәи аимадарақәа», – иазгәеиҭеит Новак.
«Акыраамҭа аахыс Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ацхыраара ӷәӷәа анаҭоит аҿиараҿы, адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи ашәарҭарақәа рҭакс аҳәаақәа рырӷәӷәараҿы. Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура алҵшәақәа урылацәажәар алшоит, хықәкылатәи аусхкқәа рырҿиара инамаданы. Уахь иаҵанакуеит акурорттә усхкгьы, ақыҭанхамҩагьы, ааглыхрагьы. Асоциалтә хырхарҭала ахықәкы хада алыршоуп – ацхыраара рныруеит ҳтәанчаҩцәа. Урыстәыла акыраамҭа аахыс аусеицура иазку адокументқәа рҟны иарбоу ахыдҵақәа иааиԥмырҟьаӡакәа инанагӡоит. Аиҳабырабжьаратә комиссиа абас иаармаҷны аилазаарала иахьатәи ҳаицәажәарагьы ишьақәнарӷәӷәеит азҵаарақәа шмаҷымхауа, аусхкқәа жәпакы рганахьала ҳусеицура шҳарҭбаауа. Азҵаарақәа рымҽхак ацҵара – ари шьҭа итрадициахеит, иҭышәынтәалоу тенденциахеит», – иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа XIX амш аусхәаԥштә аҟны иазбан 2023-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестициатә программа апроект ахәаԥшра азҵаарақәа.
Аганқәа иара убас ирылацәажәеит аусҳәарҭақәа рыла русеицура, фымцала аибыҭареи Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа пенсиала реиқәыршәареи рызҵаарақәа, иара убас Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара иамадоу егьырҭ азҵаарақәагьы.
Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа анализ азыҟарҵеит абанктә усхки, аенергетикеи, аҳазалхреи, аекспорттә хлаԥшреи, авалиутатә, аинвестициатә закәанԥҵареи рганахьала атәылақәа рыҩбагьы рзакәанқәа реизааигәатәрала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирзеиԥшу асоциал-економикатә қәыԥшылара ашьақәыргылара иазку апрограмма ианагӡашьоу.
Аиԥылараҿы иазгәарҭеит азакәанқәа реиқәыршәара иазку апрограмма аусмҩаԥгатәқәа 45 рахьтә 16 шынагӡоу, убарҭ рыҩнуҵҟа ҩ-ганктәи аиқәышаҳаҭрақәа 5 уҳәа егьырҭгьы, амиграциеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи, ахсаалаҭыхреи, ашәахтәқәҵареи рганахьала аусмҩаԥгатәқәа 8 рҭыԥ рықәҵара азҵаара ииаган 2023 шықәса ашҟа.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсны фымцала аиқәыршәара аиӷьтәразы «амҩатә хсаала». Уи иаҵанакуеит атәыла афымцатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара, економикала ишьаҭарку аҩаӡара аҟынӡа афымцамч атарифқәа рырманшәалара, аенергетика иазку азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа ралагалара.
Аилатәара аихшьалақәа рыла анапы аҵаҩын «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа XIX аилатәара Аԥкаанҵа».