Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашықәс аихшьалақәа ирызкны

2022 шықәсазтәи аих­шьалақәа рыҟаҵара иазкын декабр 9 азы Аслан Бжьаниа имҩа­ԥигаз аилацәажәара. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа. Аилацәажәараҿы ишьҭырхит аенергетика, аҭы­ԥантәи абиуџьет­қәа рынагӡара, Аԥсны араионқәа злоу­гәаԥхаша аинвестициақәа рыҩаӡара азҵаарақәа. Иара убас ирылацәа­жәеит асо­циалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭан­хамҩатәи аарыхра амҽхакқәа хра злоу рызҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада анапхга­раҭара аҭыԥантәи аусӡбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит дара рнапы иану араионқәа рҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра шрыду, аҭыԥанқәа рҟны ируа-ирҳәо азы инҭкааны аинформациа амазаара акырӡа шаҵанакуа. Аслан Бжьаниа рнапы ианиҵеит кварталцыԥхьаӡа русура атәы зҳәо инеиҵыху аинформациа аагара.

Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа иреиҳәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицура инақәыршәаны акфалификациа ашьҭыхра акурсқәа рхысра шалшо атәы.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me