Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишьақәырӷәӷәоуп 2023 шықәсазтәи Аарыхратә мзар

Аԥсны Аминистрқәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит «2023 шықәсазтәи Аарыхратә мзар».

Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи ахьеиқәшәауа инамаданы абарҭ аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

  • Ианвар 1 (амҽыша) – ианвар 3 ахь (аҩаша);
  • Ианвар 7 (асабша) – ианвар 9 (ашәахьа);
  • Ианвар 8 (амҽыша) – ианвар 10 (аҩаша);
  • Ианвар 14 (асабша) – ианвар 16 (ашәахьа);
  • Апрель 16 (амҽыша) – апрель 17 (ашәахьа);
  • Август 26 (асабша) – август 29 (аҩаша);
  • Сентиабр 30 (асабша) – октиабр 2 (ашәахьа);
  • Ноиабр 26 (амҽыша) – ноиабр 27 (ашәахьа).

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиҷаҳарала ахрархәара хықәкыс иҟаҵаны, абарҭ аусурамшқәа ииагахоит:

  • Ианвар 4 (ахаша) – ианвар 21 (асабша);
  • Ианвар 5 (аԥшьаша) – ианвар 28 (асабша).

Мшаԥныҳәа амҽыша (апрель 16) ихьақәшәо инамаданы уи иашьҭанеиуа ашәахьа (апрель 17) ԥсшьарамшхоит.

Ианвар мзазы аԥсшьарамшқәа 15 ыҟоуп: ианвар 1 инаркны ианвар 10 азынӡа, ианвар 14 инаркны ианвар 16 азынӡа, иара убас амҽышамшқәа – ианвар 22, ианвар 29.

Асабша мшқәа – ианвар 21, ианвар 28 – усура мшқәахоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me