Ари амш 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҟны арыцҳара ду зцу, зегь раасҭа игәыҭшьаагоу мшуп. Асабицәа, аҳәса, абыргцәа рҭархаразы имҩаҧгаз, уаҩы ихаҿы изаамго амш аҽны иҭархан 80-ҩык инареиҳаны ауааҧсыра. Аҭоурых аҿы иҟоуп ахааназы уаҩы игәы иҭнымҵәо ацәгьоурақәа. Абас иҟалеит ҳажәлар наунагӡа имҕьаӡо ахәра рзынзыжьыз Лаҭатәи атрагедиа. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟамларц азы. Иага аамҭа царгьы, ргәалашәара лаша ҳацзаауеит 1992 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы гәымбылџьбарала иҭадырхаз. Рыҧсқәа ҭынчзааит харада иҭархаз ҳауаажәлар, инымҵәаӡо рхьаа рыцеиҩаҳшоит урҭ рыуацәа, рҭынхацәа.
(Лаҭатәи атрагедиа иазку анҵамҭақәа анаҩстәи аномер аҟны).