Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧыза-министр имҩаҧигаз аиҧыларақәа

Ноиабр 23 азы Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб диҧылеит атранспорт аусхк ахылаҧш­разы Урыстәыла Афедералтә маҵзура анапх­гаҩы, Урыстәылатәи Афеде­рациа аҳәынҭқар­ратә транспорттә инспектор хада Виктор Басаргин.

Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Адыгеиеи рҟны аҳәынҭқарратә автомашьынамҩа ахылаҧшра арегионбжьаратә усбарҭа аиҳабы Павел Переверза.

2008-2012 шықәсқәа рзы Виктор Басаргин Урыстәыла арегионтә ҿиара аминистрс дыҟан. Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь Урыстәыла арегионтә ҿиара Аминистрра Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограммақәа зегьы аус рыдулареи рынагӡареи знапы ианыз усҳәарҭаны иҟан.

Аиҧылара аартуа, Алеқсандр Анқәаб Виктор Басаргин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыла дахьалахәыз, ацхыраара ахьыҟаиҵоз азы.

«Шәара активла иҟашәҵоз ацхыраареи хаҭала шәалахәреи рыла Аҧсны еиҭашьақәыргылан социалла акырӡа зҵазкуа аобиектқәа жәпакы, инагӡан акыр иаҧсаз апроектқәа, убрахь иналаҵаны ақыҭа нхамҩаҿгьы, абри аҟнытә, ҳара еснагь шәаҳгәалашәоит, ҳаҭыр зқәу Виктор Фиодор-иҧа, ҳагьаз­хиоуп убасеиҧшҵәҟьа лҵшәа­бзиала аусеицура», – иаҵишьит Аҧыза-министр.

Аганқәа рылацәа­­жәеит атранспорт аганахьала Аҧсни Урыстәылеи русеицура хра злоу азҵаарақәа.


Аиустициа аминистр Анри Барцыц Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит аиустициа Аминистрраҿы ишаладырҵәаз ҳаамҭазтәи аелектрон-цифратә технологиақәа.

2020 шықәса ноиабр инаркны 2021 шықәса февраль азынӡа Аминистрраҿы имҩаҧыргеит аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи рҳәынҭқарратә реестрқәа инхарҭәааны цифрала реибаркра. Ақьаад аҟнытә аелектронтә версиахь ииагоуп 22 980 адокументқәа, аиуристтә хаҿқәа рреестр аҟнытә – 6 000 ақьаадқәа.

Барцыц излеиҳәаз ала, аелектрон-цифратә формат мҽхакы ҭбаала аус ауеит. Уи иабзоураны дара ирҭаху аинформациа ашҟа амҩа рзаатуеит аинтерес змоу ахаҿқәеи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи.

Аминистр иазгәеиҭеит уажәы аусҳәарҭаҿы цифрала ишеиқәдыршәауа аҭаацәаралалара Ареспубликатә архив. Уажәазы Афон ақалақь аҟны абарҭ ақьаадқәа цифрала реиқәыршәара нагӡоуп 50% рыла. Аусура иадҧхьалоуп Аҧснытәы аҳәынҭқарратә университет еишьашәалоу азанааҭқәа рстудентцәа.

Зынӡаск иааидкыланы цифрала еибыҭатәуп аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩсатә ҭагылазаашьа атәы зҳәо анҵамҭақәа 850 000 инареиҳаны.

Аҧыза-министр инапы ианиҵеит апроектқәа ирынагӡашьоу азы адыррақәа рыҟаҵара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me