Аконференциа аартуа, аиуристтә факультет адекан, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сергеи Смыр иазгәеиҭеит: «Ҳара ҳ-Конституциа ирыланаҳәеит Аҧсны исуверену, ихьыҧшым, изинтәу ҳәынҭқарраны, амчра зегьы ажәлар рнапаҿы иахьыҟоу. Ажәлар ракәзар, амчра ҿыц еиҿкаахаз амахәҭақәа – азакәанҧҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә – рнапы ианырҵоит рыжәлар ргәаҭахрақәа рызхәыцра. Раҧхьаӡа акәны ҳзакәанҧҵараҿы ицәырҵит аҳәынҭқарра ахадеи анагӡаратә мчра ахадеи раҳасабала – Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳәа аилкаара.
Иреиҳаӡоу Асовет еиҭакын Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент ҳәа, Аминистрцәа Рсовет аҭыҧан ицәырҵит Аминистрцәа Реилазаара ҳәа аилкаара, иалагалан амчра ихьыҧшым амахәҭа ҿыц – аӡбаратә. Абарҭқәа зегьы ҳ-Конституциа аихьӡарақәа роуп. Исҳәарц сҭахын, ашықәсқәа мҩасуеит, ҳҿаҧхьа иаақәгылоит зҭыҧ иқәҵалатәу ауснагӡатә ҿыцқәа, аха Азакәан Хада быцра ақәымкәа иҟазароуп. Ҳәарас иаҭахузеи, аамҭа цацыҧхьаӡа еиҭакрақәак ралагалара ҳақәшәоит, аха урҭ ҕәҕәала ишьаҭаркызароуп», – иҳәеит Сергеи Смыр.
Аконференциаҿы ажәахәқәа ҟарҵеит: аҳәынҭқарреи азини ркафедра аиҳабы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Белла Ӡиӡариа, аиуристтә факультет ахәбатәи акурс астудентка Иалса Мқанба, ашьауҕатә зини апроцесси ркафедра арҵаҩы аиҳабы Руслан Чамиан, аиуристтә факультет аҩбатәи акурс астудентка Адица Џьопуа, ашьауҕатә зини апроцесси ркафедра арҵаҩы Ефрем Ҳагба, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аиустициа Урыстәылазегьтәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессор Иван Иванников уҳәа егьырҭгьы.