1994 шықәса ноиабр 26 азы ирыдыркылеит Аҧсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны илахьынҵарбаганы иҟалаз Азакәан Хада. Аконституциа ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсуа ҳәынҭқарра исуверену, идемократиатәу, изинтәу аҟазшьа, шьаҭас иаиуит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи институтқәа реиҿкаара, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи акырӡа ишаҧсоу азгәанаҭеит.
Ҳазну аамҭазы ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаашьа аконституциатә ҧҟарақәа – ари ҧхьаҟа аҿиареи аиҭакреи ирышьаҭоуп, иагьалнаршоит Аҧсны жәлар гәрагарала ҧхьаҟатәи рҧеиҧш.
Азакәан Хадеи уаҟа иарбоу аҧҟарақәеи апринципқәеи рышьаҭала, ҳара ҳархысит имариамыз аҧышәарақәа, жәларбжьаратәи иахьа – ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргылара асубиект иацаҳҵоит.
Иахьа Аҧсны аҳәынҭқарратә ҿиара ахырхарҭа хадақәа еилыхха иарбаны, Азакәан Хада аҧҟарақәа зегьы рынагӡарала ҳаҧхьаҟагьы аҿиареи, аҳәоуеиқәшәареи, аҭышәынтәалареи, азакәанреи, азинлеишәеи ралыршарала изнылаз амҩа инхьамырнааӡакәа иануп.
Абри аҽны Аҧсны жәлар ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аҭышәынтәалара, акзаара, аизҳара, ашәҭыкакаҷра!
Ишәыдысныҳәалоит Аконституциа Амш.
* * *
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш рыдырныҳәалеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски, Аҧсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, ауаажәларратә хеидкыла «Аҧсны аурысцәа реилазаара» уҳәа егьырҭгьы.