Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аусурақәа хыркәшахароуп декабр нҵәаанӡа

Ноиабр 29. Аҧсныпресс. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыра рнапхгара алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәара иалагеит иҳаҩсыз амчыбжь азы  атәыла Ахада  ириҭаз анапынҵақәа  рынагӡаразы  Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҳасабрбала. Урҭ рызкын  ҳазну  ашықәс  ноиабр 22 азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аҧсныҟа афымцамчы  аашьҭра амҽхакқәеи  аҭагылазаашьақәеи. Иара  убас звольт ҳараку ацәаҳәа  «Аҽгәара» аҟны  арҽеиратә усурақәа рграфик.

Кристина Озган ишылҳәаз аиҧш,  Урыстәылатәи аган ақәыршаҳаҭуп 280  миллион  кВт/сааҭ аашьҭра.  Аха абри амҽхак азхаӡом,  2022 шықәса  анҵәамҭазынӡа  еиҧҟьарада фымцала аиқәыршәаразы иаҭахуп  340 миллион кВт/сааҭ.

«Уажәы  уахыки-ҽнаки ҳхы иаҳархәоит 8,7  миллион кВт/сааҭ, убарҭ  рахьтә  6,6  миллион кВт/сааҭ – Урыстәылантәи иҳауа алашара ауп,  2  миллион  киловат сааҭ рҟынӡа ҳауеит ЕгрГЕС аҟнытә. Иара убас астанциа анапхгара рҟны  аусуратә еиҧыларақәа  мҩаҧаагоит,  еилаҳкаарц  ҳҭахуп  ЕгрГЕС иаҳнаҭауа  афымцамчы амҽхакқәа  реизырҳара ауоу-иамуоу. Абри амчыбжь  азы иааҳгоит еиқәыршаҳаҭу  аграфик. Еилаҳкаароуп  алашара арцәара  ҳзацәцо-ҳзацәымцо», – иазгәалҭеит Кристина Озган.

Звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара»  аиҭакра  аганахьала  аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ илҳәеит, «Амшынеиқәафымцамчы»  аусзуҩцәа арҽеиратә усурақәа ишрылагаз Урыстәылатәи аспециалистцәа алархәны.

«Аграфик инақәыршәаны, звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны  арҽеиратә усурақәа  хыркәшахоит  ҳазну  ашықәс  декабр нҵәаанӡа», – иазгәалҭеит  Аҧыза-министр  ихаҭыҧуаҩ К.Озган.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иаҵишьит абри азҵаара аганахьала аӡбамҭақәа  зегьы  ршәара-рзара шаҭаху.  Иқәыргылоу  ауснагӡатәқәа  рҭыҧ иқәҵахароуп  ҿҳәара  кьаҿқәак ирылагӡаны.

Аилацәажәара иалахәыз иара убас  иазааҭгылеит  Аҧсны  Аҳәынҭқарреи  Урыстәылатәи Афедерациеи  рыбжьара  асоциал-економикатә усеицуразы  Аиҳабырабжьаратә комиссиа  иҟалараны иҟоу  аилатәара  амшхәаҧштә. Аусуратә  еилацәажәара иалахәын  Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Џьансыхә Нанба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр  Беслан Џьопуа,  Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ,  афинансқәа  рминистр  Владимир Делба, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина  Озган, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Сергеи Пустовалов.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me