Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар ралхыҩцәеи атәылауааи – ҳаҭырқәҵарала

 

Ноиабр 18 азы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Инал Арӡынба диԥылеит Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, – иаанацҳауеит Аминистрра асаит.

Арӡынбеи Шургалини рылацәажәеит Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа хра злоу рызҵаарақәа жәпакы, ахәҭакахьала иаармарианы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра Аҧсны атәылауаа рыҭара. Ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рырманшәаларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь, аганқәа ихацдыркит аратификациа. Аиқәшаҳаҭра амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырдауа арыцхә инаркны.

Аиҧылараҿы иара убас ирыхәаҧшит атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, аполитикатә еимадарақәа рхылаҧшреи рактивтәреи хықәкыс ишьҭыхны «Аҧсны – Урыстәыла – Беларус» ҳәа хганктәи аформат змоу

амҩақәҵаратә механизмқәа раҧҵара азҵаара. Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит абри азҵаара аганахьала аусура иацырҵаларц.

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада ишҟа А.В.Барцыц, К.В.Кәарҷиа, Л.И.Лакербаиа, Д.В.Хәытаба, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа,  иҟарҵаз адҵаалара Инал Арӡынба Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ илымҳа аҟынӡа инеигеит. Уаҟа иарбан Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдумаҿы русуратә ныҟәара анхдыркәша аҧсуа депутатцәа, агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыҧ «Адлер» аҟны Урыстәылеи Аҧсни рҳәаа ианахысуаз хаҭалатәи ргәаҭара хықәкыс ишьҭыхны аҳәаахьчаҩцәа иааныркылеит, уи иахҟьаны адепутатцәа аҳәаа рахысра аамҭа рацәаны иаҭаххеит.

Абри инаваргыланы, Жәлар Реизара ашҟа Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа мзызк ыҟаӡамкәа Аҧсны атәылауаа шааныркылауазы хыҧхьаӡара рацәала ашшыҧхьыӡқәа неиуеит.

«Аҳәара ҟаҳҵоит жәлар ралхыҩцәеи ҳтәылауааи ҳаҭырқәҵарала ирызныҟәаларц», – иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.

Иазгәаҭан Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь иаарласны ишдәықәҵахо абарҭ ахҭысқәа рхаҵгыларазы ашәҟәы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me