Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амчратә усбарҭақәа адҵа рыҭоуп

Ноиабр 16 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирзааҭгылеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амоушәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада исаит.

Аҳәынҭқарра Ахада адокумент ахҩылақәа ахьынӡаҵабыргу гәарҭарц адҵа риҭеит, избанзар атәылауаа жәпаҩык рҳәамҭақәа рыла асметаҿы ахәқәа ирзырҳауп.

Ахада ишьақәиргылеит агәаҭара амҩаҧгареи аҳасабрба аагареи рзы хықәкыла аҿҳәарақәа.

«Аинформациатә ресурсқәа рҟны адырраҭарақәа цәырҵит афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкыла арҽеиразы иаҭаху амаругақәа раахәара аан афинанстә еилагара ҕәҕәақәа ҟаҵан ҳәа. Абри инамаданы апрокуратура Хада анапы ианысҵоит 15 мшы рыҩнуҵҟала абри аинформациа гәарҭарц, уи атәы сарҳәарц», – иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада аоперативтә ҟәшақәа рнапы ианиҵеит апрокуратура Хада зегь рыла адгылара арҭарц.


Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа инақәыршәаны апрокурор Хада актәи ихаҭыҧуаҩ Дамир Кәыҵниа азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны инеиҵыхыз аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәараҿы ишьақәыргылан ноиабр 16 азы ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсны жәлар рхеидкыла» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Гарри Кокаиеи АРСМИРА аҟны апресс-конференциа аан

ицәырыргаз адокументқәа ахьынӡаиашоу ашьақәыргылара иазку еицырзеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа. Урҭ иааргаз ақьаадқәа инарықәыршәаны, зцәаҳәа ҳараку «Аҽгәара» иагу-иабзоу аҟаҵаразы амаҭәахәқәа раахәара аан ахәқәа акырӡа ишьҭыхын.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me