«Ҳара ҳзы иахьа иҷыдоу аҵакы шьҭырхуеит агәаҕьра, ахаҵара, аҭоубеи ажәлари рызиашара реиҧш иҟоу аилкаарақәа. Абарҭ
аҟазшьа ҳаракқәа рыла еснагь рҽалыркаауеит аҳәаахьчаҩцәа. Урҭ роуп аҳәааҿы аҧхьа аҕа иҧылауа, рхы иамеигӡакәа иҿагылауа.
30 шықәса уажәаҧхьа Аҧсназы имариамыз аамҭазы Ҳаҧсадгьыл аҳәаақәа рҿы ишьақәгылон еибарххаз арра-политикатә
ҭагылазаашьа. Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалак ибзианы еиликаауеит, гәыҩбарада, Ҳаҧсадгьыли ҳажәлари зҭагылаз ашәарҭарақәа.
Агрессор иганахьала ҳҳәынҭқарра акәша-мыкәша ашәарҭарақәа шыҟац иҟоуп, атәыла ахьчара аҧхьатәи ацәаҳәаҿы
шәыҟоуп шәара – Аџьынџьтәыла ахьчаҩцәа. Аҳәаахьчаҩцәа иаарылшо зегь ҟарҵоит Ҳаҧсадгьыл иҧшьоу аҳәаақәа кьыс рымамкәа
иаанхаларц азы. Аҧсны жәлар шәара шәпатротизми шәзанааҭдырреи рыгәра ргоит», – иазгәаҭоуп Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иаҵишьит, аҳәаахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, уаанӡа аус зуаз хьӡи-ҧшеи змоу ртрадициақәа
ишрызиашоу, ҳаҭыр дула ишырзыҟоу аветеранцәа, аҳәынҭқарратә ҳәаақәа ршәарҭадара алыршаразы рҿаҧхьа иқәгылоу аусқәа
шырыӡбо, ацәгьоурақәеи анаркотикқәа рыла ахәаахәҭреи изқәиҭым аусқәеи ирҿагыланы ишықәҧо.
Бжьаниа аҳәаахьчаратә мазҵура аусбарҭақәа ркомандаҟаҵара, хаҭалатәи аилазаара аветеранцәа, урҭ рҭаацәарақәа
ирзеиҕьаишьеит агәабзиара ҕәҕәа, ажәҩан цқьа, анасыҧ, аманшәалара.
Аҧсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа еиҿкаан 1992 шықәса ноиабр 20 азы Акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба идҵала.
120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык аофицерцәеи еидызкылоз агәыҧ иадҵан Ҧсоу аҳәааҿы аусшьҭырҭатә ҭыҧ ахьчара.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиубилеи иазкыз агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа хацыркын Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәт аҳәынҭшәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, уи ихаҭыҧуаҩ – аҳәаахьчаратә гәыҧ аиҳабы Русҭам Латипов, аветеранцәа, амаҵзура аусзуҩцәа.
Анаҩсан имҩаҧысит аҳәаахьчаратә гәыҧ гәырҕьарала ацәаҳәа ақәыргылара. Акомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа абри атәы иеиҳәеит аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Русҭам Латипов.
Анаҩс агәырҕьарақәа ирыцҵан В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аҧша Амузеи азал аҟны. Уаҟа ацәыргақәҵа аартын. Аҳәаахьчаҩцәа рныҳәа рыдиныҳәалеит аҳәынҭшәарҭадара ахантәаҩы Роберт Киут.
Амаҵзура аусзуҩцәа ирыдныҳәадеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб.