Излацәажәоз звольт ҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны аушьҭра- еиқәыршәаратә усурақәа рынагӡаразы алашара аашьҭра, иара убас
Егр-ГЕС аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәыз инамаданы.
Озган лажәақәа рыла, афымцалашара аашьҭразы еицәажәеит. Амш иалагӡаны еиқәыршаҳаҭхоит аҿҳәарақәа, абри ашьҭахь аспециалистцәа «Аҽгәара» ашҟа аусурақәа рымҩаҧгаразы амҩы иқәлоит. Аусурақәа рыҿҳәарақәа ирызку аинформациа нагахоит, аминистр лажәақәа рыла, амҽхакқәа зеиҧшроу анышьақәдыргылалак ашьҭахь.
Аҧсны Ахада рнапы ианиҵеит есымша аусурақәа ирымҩаҧысшьоуи ирыдыркылауа ақәҵарақәеи ирызкны аҳасабрба аагара.
Аилацәажәара иалахәыз иара убас иазааҭгылеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза «Аҟәа» арҽеиреи аиҭакреи рызҵаара.
Озган лажәақәа рыла, аобиектқәа рхатәтәреи аргылареи рганахьала аинвестори аҧсуа гани рыбжьара аҳәоуеиқәымшәарақәа ыҟан.
Аҧсны Ахада иаҵишьит ахатәтәра азин аганахьала аҧсуа ган апозициа ҧсахра шақәым: ашьҭыҧраарҭатә цәаҳәеи абаҕәазатә инфраструктуреи Аҧсны Аҳәынҭқарра иазынхароуп.
Иара убас инарҭбаан ирзааҭгылан аинвестициатә проектқәа.
Атәыла Ахада Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапы ианиҵеит аинвестпроектқәа рынагӡара аганахьала аҭагылазаашьа ҷыдала дахылаҧшларц.
«Ҳара ҳнапы иакызароуп амҩатә хсаала: аусурақәа анхацдыркуа зныҧшуа ақьаадқәа, урҭ рынагӡара аҿҳәара, иара убас ицәырҵырц зылшо ауадаҩрақәа. Абри инаваргыланы, Аҧсны Ахада Иусбарҭаҿы мызкы ахьтә знык имҩаҧгахалоит «аинвестициатә сааҭ». Уаҟа еилыргахоит иарбанзаалак аҭагылазаашьа. Абарҭ аусмҩаҧгатәқәа нагӡахалоит аинвесторцәа рхаҭарнакцәа алархәны иаҳа хырҳарала аусеицуразы», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
«Акырӡа аҵанакуеит аганқәа рыҩбагьы рхыдҵақәа шынарыгӡауа аилкаара. Убас иҟамлааит, ҳара ақьаадқәа ҳнапы рыҵаҳаҩуеит, нас жәашықәсала иаҳбаӡом аинвесторцәагьы, алҵшәақәагьы, адгьылҵакыра акәзар – агәам-сам ахыҵәоит. Абри ҟамлароуп, избанзар аинвесторцәа рҟнытә аҳәынҭқарра иаиуа ахашәалақәа – арҭ асоциалтә проектқәа рынагӡаразы иаҭаххо ҧарақәоуп», – еихишьалеит Ахада.
Аилацәажәара иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аекономика аминистр Кристина Озган, аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи анапхгара рыҭаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.