Ацәыргақәҵа ҿыц

Октиабр 18 рзы Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын абџьар азҟазацәа рырҿиаратә еидгыла «Х-напы» аҳасабырбатә цәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит Аҧсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҧсуа интеллигенциа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларра.

Ацәыргақәҵа аартуа ацәыргақәҵатә зал аиҳабы Ельвира Арсалиа илҳәеит, ишраҧхьаӡатәиу абас абџьар хкқәа еизганы ацәыргақәҵа амҩаҧгара. Ари аидгыла еиҿкаауижьҭеи шықәсык шҵуагьы, дара рнапкымҭақәа ирныҧшуеит амилаҭтә ҟазара арҿиара аиқәырхара. Лара лгәаанагарала, ицәыргақәҵоу анапкымҭақәа зегьы равторцәа аус анадырулоз аҭорых иазхьаҧшуан. Иуҳәар алшоит аҧсуа традициақәа змырӡуа, еиҳагьы иҳаразкуа усны ишыҟоу рнапы злаку.

Абџьар аҟазацәа Реидгыла «Х-напы» еиҳабыс дамоуп Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ӡиӡариа, иара Аҧсни уи анҭыҵи изныкымкәа ихы рылаирхәхьеит хыҧхьаӡара рацәала ацәыргақәҵақәа.

Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит, 2000-нызқьтәи ашықәсқәа рзы Баҭал Џьапуеи Ҭемыр Ӡиӡариеи ишранашьаз Д.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Уи аколлекциа ҵәахуп аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Аҵыхәтәан ирзеиҕьалшьеит раҧхьаҟа ақәҿиарақәа.

Анаҩс ажәа иман асахьаҭыхҩы, абџьар азҟазацәа Реидгыла аиҳабы Ҭемыр Ӡиӡариа. Бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит имҩахыҵыз зегьы. Иазгәеиҭеит раҧхьаӡакәны ишцәыргақәҵаз русумҭақәа Гәдоуҭатәи амузеи аҟны, аха аусумҭақәа зызкыз аҳәызбақәа мацара шракәыз. Иара иҳәеит шықәсыктәи авторцәа русумҭақәа реихшьаала ҟаҵо, ишаҧырҵо акомиссиа. Уи акомиссиа хҩы-ҧшьҩык шалахәхо, ишалырхуа досу авторцәа рнапкымҭақәа рҟынтәи усумҭак-усумҭак, анаҩс урҭ иреиҕьу русумҭақәа дәықәҵахоит дара рфонд ахь. Уи ирнаҭоит алшара, егьырҭ атәым милаҭқәа рахь ааҧхьара роур, иреиҕьу рнапкымҭақәа рцәыргақәҵа амҩаҧгара.

Дазааҭгылеит иара убас ицәыргақәҵаз Баҭал Кобахьиа аус здиулаз аҧсилаа ркәылӡымаҭәа афбатәи ашәышықәса иаҵанакуа инапкымҭа. Иара иусураҿы цхыраагӡас ихы иаирхәеит археологиатә ҧшаарақәа рҟынтәи абџьар маҭәа аҟнытә.

Акәылӡы еибыҭоуп 1367 даҧа рыла. Урҭ дара-дара еидӡахылоуп бырфын ҟаитанла. Акәылӡы егьырҭ излареиҧшым аҷыдара амоуп. Уи адаҧа иахагыло аҵәаҳә ауп. Ари аҩыза аформа змоу адаҧа шамахамзар џьаргьы иуҧыхьашәаӡом.

Анаҩс адныҳәалара ҟаиҵеит Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аиҳабы Витали Џьениа. Уи еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит, ари ахҭыс даара аҵак дуӡӡа шамоу ҳаҧсуа жәлар рзы. Жәытә-натә аахыс аҧсуаа еснагь абџьар ҳаҭыр шырзақәыз, убри мырӡкәа, аҩаӡара ҳаракны ишаарго. Иара игәалаиршәеит Ҭемыр Ӡиӡариеи, Баҭал Џьапуеи Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ихаан, абџьар иазкны ацәыргақәҵа шымҩаҧыргаз, убри иадҳәаланы ишранашьахаз Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭкарратә премиа. Убри анаҩс аҿар рыдкыланы аус рыдулара ишалагаз, иахьа уажәраанӡагьы рус аҩаӡара ҳаракны ишаарго. Ирзеиҕьеишьеит иҵегьы аҿар адыҧхьаланы ирааӡаратәы аҭагылазаашьа аиура, аҧхьаҟа ақәҿиарақәа.

Ицәыргақәҵаз аусумҭақәа равторцәа иреиуан: Ахра Аҳәба – «Аҧсуа ҳәызба», Даҭо Гьергьедаа – «Аҧсуа ҳәызба» Аинар Шьынқәба – азеиҧш ҳәызба «Зубочистка», «Тосик», Баҭал Кәыҵниа – аҧсуа ҳәызба, Џьгәаҭ Зарданиа – аҧсуа ҳәызба «Аду», Шамиль Аппба – аҳәызба аҿы, аҧсуа ҳәызба, Гәрам Ҷкадуа – аҧсуа ҳәызба, Иван Печников – ахәыҟаҵага ҳәызба «Правша», «Левша», Денис Масленников - ашәарыцагаҳәызба «Рысь», Петр Лысенко – аҧсуа ҳәызба, В.Саркисиан – аҧсуа ҳәызба, Коҕониа Е., Ҷкадуа Гә. – аҧсуа ҳәызба, Леван Лиховченко – аҧсуа ҳәызба, Коҕониа Е. – аҟамчы, Коҕониа Е., Ӡиӡариа Ҭ. – аса, Рауль Кәабахьиа, Аслан Зарандиа – аҧсуа ҟама, Баҭал Џьапуа – аҧсуа аҳәа, Ҭемыр Ӡиӡариа – аса аҿы, аиха, аҟама аҿы, Ҭемыр Ӡиӡариа, Баҭал Џьапуа – алабашьа, Асҭамыр Кәарҷиа – аҧсуа ҳәызба, Рауль Кәабахьиа – аҧсуа маҟа, аҟама, аса.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me