«Аҵаулареи амҽхаки»

Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаҧысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, апоет, апублицист, аиҭагаҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Владимир Занҭариа ишәҟәы ҿыц «Аҵаулареи амҽхаки» аӡыргара. Аҭыжьымҭа еиднакылоит ҳаамҭазтәи аҧсуа литературеи уи аҭоурыхи, атеориатә зҵаарақәа жәпаки ирызку аҭҵаарадырратә статиақәа.

Аҧсуаҭҵааратә институти Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети ргриф ала иҭыжьу ашәҟәы, хымҧада, лагала бзиоуп алитератураҭҵааразы.

В. Занҭариа аханатә ишиҟазшьоу еиҧш, аҭҵаарадырра инарҵауланы дазнеиуеит. Аизга иагәылалаз астатиақәа даараӡа хәарҭара рылоуп, егьцхыраагӡа бзиоуп аҵарауааи, арҵаҩцәеи, астудентцәеи, насгьы амилаҭтә литература аҿиара амҩа иазҿлымҳау зегьы рзы.

Ашәҟәы злаатуа астатиа «Аиҭагаратә ҟазареи уи амаӡақәеи» аҟны инарҭбааны ицәыригоит аурыс классика аҧсшәахь аиҭагара аҭоурых, уи инамаданы уагәылаирҧшуеит арҿиаратә ҧышәа, аиҿырҧшратә анализ, асахьаркыратә еиныррақәа.

«Дырмит Гәлиеи уи ицнагаҩцәа Самсон Ҷанбеи, Иуа Коҕониеи, Миха Лакрбеи, Ӡаӡа Дарсалиеи, Мушьни Аҳашбеи, Иван Папасқьыри, Владимир Маани уҳәа рабиҧара ҕәҕәа, ҿыц ииуаз, зхатәы мҩа ылызхуаз, адунеитә рҿиаратә қәыҧшылараҿы маҷ-маҷ зхатә ҭыҧ аанызкылоз аҧсуа сахьаркыратә литература адоуҳатәи аестетикатәи уасхыр азышьҭаҵауа, ҽышәала, системала напы адыркит аурыс классикцәа рҩымҭа хатәрақәа аҧсшәахь реиҭагара», – иҳәоит автор. Ҵабыргны, ус егьыҟан. Аурыс поетцәеи апрозаикцәеи аӡәырҩы рҩымҭақәа аҧсышәала идырцәажәеит.

Ишьақәгылаз атрадициа иацырҵеит арҿиаҩцәа маҷҩымкәа, иаагозар Баграт Шьынқәба, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Кәымф Ломиа, Владимир Аҵнариа, Таиф Аџьба, Гьаргь Гәыблиа, Никәала Кәыҵниа, Платон Бебиа, Денис Чачхалиа, Г. Аламиа уҳәа егьырҭгьы.

Арҭ аҿырҧшқәа иаҳдырбоит амилаҭтә литература амҽхак, аҳәаақәа. «Апоет – жәлар рыгәҭыхаҳәаҩ» зыхьӡу аҟны автор дазааҭгылоит Кь.Чачхалиа ипоезиа асахьаркыра-стилистикатә ҟазшьаҷыдақәа. Апоет ипоезиа дазнеит даҽа блак, даҽа ҟазшьак ала.

«Аҧсуа тематика аҷыдарақәа Фазиль Искандер илирикаҿы» аҟны аҵарауаҩ даҩсуам ашәҟәыҩҩы ду ирҿиамҭақәа ирыҵубаауа аҧсуаа рдунеихәаҧшра, рфилософиа амаӡақәа. Абарҭқәа ҷыдала иалкааны дырзааҭгылоит Фазиль Искандер ипоезиа аҟны ишцәыргоу.

Алықьса Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Владимир Аҵнариа, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Омар Беигәаа уҳәа рырҿиара иазкны иҟаиҵо ахҳәаа, иаликаауа рҷыдарақәа урыдрыҧхьалоит.

Абар, егьырҭ астатиақәа зызкугьы: «Ҩ-шәышықәсак реигәныҩра иацҳаражәҳәаҩу ҳлитературазы хәыцрақәак», «Ақыҭеи ақалақьи рдоуҳатә еигәныҩрақәа рпроблема аҧсуа лирикаҿы (50-80 ш.)».

Аизга урысшәала иагәылоу астатиақәа рҟынгьы аҧхьаҩ иҧылоит: Баграт Шьынқәба ифилософиатә поезиа урысшәала аиҭагашьақәа, Мушьни Лашәриа, Иури Лакербаи рпоезиа, Г.Аламиа аҧсшәахь иеиҭеигаз Косҭа Хетагуров ишәҟәы «Ирон Фандыр», насгьы Чингиз Аитматов ирҿиамҭақәа аҧсшәахь реиҭагареи алитературатә еимадарақәеи уҳәа ирзикыз досу рҿахәы рҳәоит, акыр аиҿырҧшрақәа рыла иааирҧшуеит аиҭагамҭақәа рызнеишьақәа.

Алитературатә ҧсҭазаара уагәылазырҧшуа аҭҵаамҭақәа рылацәажәараан азҿлымҳара бзиа аиуит. Ашәҟәы аӡыргара иазкыз аиқәшәара ааиртит аҧсуа институт аиҳабы Арда Ашәба.

«Аҵаулареи амҽхаки» иахцәажәауа ргәаанагарақәа рыла иқәгылеит, уи инадҳәаланы апоет, аҵарауаҩ ирҿиаратә мҩеи илшамҭақәеи ирзааҭгылеит: Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, аҵарауаҩ, ажурналист Екатерина Бебиа.

Аҵыхәтәан Владимир Занҭариа ишәҟәы аӡыргара зҽалазырхәыз, насгьы уи иахцәажәаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәауа ихатәы жәеинраалақәа дрыҧхьеит.


В. Баалоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me