Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Владимир Путин дидныҳәалеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин 70 шықәса ихыҵра аиубилеи идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа! Шәиубилеи инадҳәаланы Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ишәзынасҭиуеит акыр аҧхара зҵоу адныҳәалара!

Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә интересқәа рыхьчара аус аҟны иаашәырҧшуа агәаҕьреи аполитикаҿы хара шәахьыҧшуеи ирыбзоураны иуадаҩу ишьаҭарку аӡбамҭақәа шәыдкылара иалдыршоит Урыстәыла ажәлар рыхьчара, иҭышәынтәаланы атәыла аҿиара».

Милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар Шәара шәнапхгарала иаҧсаҵәҟьаны аҭак ҟарҵоит аглобалтә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәеи ақәмақаррақәеи.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, Шәара ҳаамҭазы адунеи аҟны зегь раасҭа анырра змоу аҧызацәа шәреиуоуп, шәтәылауаа еицакра зқәым адгыларагьы шәырҭоит. Шәара шәыхьӡ узаҟәымҭхауа иадҳәалоуп Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәырҕәҕәара, жәларбжьаратәи аренаҿы ҳәынҭқарра дук аҳасабала Урыстәыла аҳаҭыр ашьҭыхра, ақьиара ацны аҭынчра зцу апориадок ашьақәыргылара иашьҭоу аӡәы иаҳасабала.

Аҧсны иқәынхо ажәлар ахәшьара ду арҭоит иҭышәынтәаланы иҿиауа аиҩызареи аилибакаареи шьаҭас измоу астратегиатәи аидгылатәи ҟазшьа зҵубаауа, алҵшәагьы аазырҧшуа аҧсуа-аурыс ҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьаҿы хаҭалатәи шәлагала».

Аҧсны Ахада агәыҕра ааирҧшит Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа ҧхьаҟагьы есааира ишыҕәҕәахо азы. Урыстәыла Апрезидент агәабзиара ҕәҕәеи игәҭакқәа зегьы қәҿиарала рынагӡареи изеиҕьеишьеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me