Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа – аруаа рымш иазкны

 

Аҧсны Ахада ҳтәыла Арбџьар Мчқәа раҧҵара 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аруаа.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Аҩызцәа аруаа, Аҧсны Арбџьар Мчқәа рветеранцәа, ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Арбџьар Мчқәа аҧҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра.

Ҳажәлар рызгәдууп ҳтәыла аамҭа хьанҭа аан – Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ишьақәгылоз Арбџьар Мчқәа рзы 1992 шықәса октиабр жәеиза рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар иналукааша рҧыза Владислав Григори-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара «Аҧсны Атәылахьчара аминистрра азы», Аҧсны Арбџьар Мчқәа рштаб хада азы», «Аҧсны Арбџьар Мчқәа рзы». Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан Владимир Аршба, Арбџьар Мчқәа рштаб хада аиҳабыс – Сулҭан Сосналиев. Аӡбамҭа аҵакы ахәшьара уадаҩуп. Аминистрреи аштаб хадеи раҧҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз ахьӡ-аҧша зырҳаз акомадирцәа, Аџьынџьтәыла ахьчара хацәнамырха иазгылаз рфырхаҵара наунагӡа хьтәы нбанла ианызаауеит ҳтәыла аҭоурых.

Ҳажәлар зегьы рзы акырӡа зҵазкуа амш аан даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Арбџьар Мчқәа рветеранцәа иҧшьоу Аиааира ахьӡала иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы. Шәара хацәнамырха ишәыхьчон аҳәынҭқарра асуверенитет аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭа аангьы.

Ргәалашәара ҳаҭыр ҳзақәуп зегь раасҭа ихадаз – зыҧсҭазаарақәа ахҭынҵоу, аҭоуба иазиашаз. Урҭ еснагь рыҧсы ҭазаауеит ажәлар ргәалашәараҿы.

Аруаа иахьатәи рабиҧара ирыцырҵоит аиҳабыратә абиҧара – Аиааира згаз рабиҧара хьӡи-ҧшеи згым ртрадициақәа.

Иахьа Аҧсны Арбџьар Мчқәа аҭынчреи, ахьыҧшымреи, Аҧсны адгьылҵакыра акзаареи рыхьчаҩцәа ракәны иҟоуп. Иазгәасҭар сҭахын, ҳаамҭазтәи агеополитикатә ҭагылазаашьа ауадаҩра ҳасаб азуны, аҳәынҭқарра аҧхьаҟагьы иааиҧмырҟьаӡакәа хшыҩзышьҭра шанаҭало Арбџьар Мчқәа рышьақәгылареи рматериал-техникатә база арҕәҕәареи.

Аҩызцәа аруаа, Арбџьар Мчқәа рветеранцәа, иахьа, агәырҕьаратә ҭагылазаашьа аманы имҩаҧысуа ахҭыс аан ишәзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, аманшәалара, абзиарақәа зегьы».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me