Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко диҧылеит

Сентиабр ҩеижәиааба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиҧылара.

Аиҧылара мҩаҧысит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дача аҟны. Ареспублика Беларус Ахада иҧылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, Алеқсандр Григори-иҧа! Шәара Аҧсны есқьынгьы иззыҧшу ҳасасцәа шәыруаӡәкуп». Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада игәаларшәеит 1996 шықәса ианвар мзазы Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара алахәцәа – аҳәынҭқаррақәа рхадацәа Рхеилак аҟны Алеқсандр Лукашенко Аҧсны аибашьра ашьҭахьтәи аекономикатә блокада даҿагыланы дшықәгылаз.

«Аҧсны аҟәыҭхара, аекономикатә блокада аҭакразы аӡбамҭа иашаӡам ҳәа ахышәҳәааит. Аҧсны ари ибзианы ирдыруеит, ҳаҭыргьы ақәырҵоит. Ҳара ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьоуп. Шәаара гәахәара дула иҳадаҳкылеит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ареспублика Беларус Ахада Аҧсныҟа иаара ҩ-жәларык реизыҟазаашьа аҿиара ишацхраауа.

«Ҳаизыҟазаашьақәа, хымҧада, асоветтә аамҭазы ишыҟаз еиҧш ишьақәҳаргылоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аҧсны!» – иҳәеит атәыла Ахада.

Алеқсандр Лукашенко иҭабуп ҳәа рхиҳәааит Аҧсны Ахада иажәа ҧхақәа. «Агәхьаагара есқьынгьы иҳамазаауеит. Акыр ҵуеит уи аахыс, 25-27 шықәса схыҵуазар ҟаларын усҟан, иҧшьоу ари адгьыл аҟны саахьан. Ҳәара аҭахума, сара усҟан Аҳәынҭқарра сахагыламызт, иуҳәар ауазар, бжьарауаҩык, Апарламент адепутат иаҳасабала.

Иацы Аҧсны апроблемақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иҧа Путини сареи. Акыраамҭа, ҵхыбжьонынӡа арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәон, лкаак ҳагьазааит, – Аҧсны ҳазкажьӡом. Иацхраалатәуп ишәҭыкакаҷуа ари атәыла, уи иқәынхо ауааҧсыра аҧсҭазаара бзиа рымазарц азы», – иҳәеит Алеқсандр Лукашенко.

Ареспублика Беларус Ахада иажәақәа рыла, Аҧсны иаара ҭагылазаашьа ҷыдак иадҳәаланы иҟаӡам. «Ҳара ҳҟны аҭагалызаашьа цәгьаӡам. Агеополитика ҳаргәамҵуа ҳаҟаӡам. Ҳаргьы шәара шәеиҧш, ҭынч анхара-анҵыра зҭаху жәларуп, ҳәоуеиқәшәарала ҳаҟазар ҳҭахуп. Аекономика атәы ҳҳәозар, ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа ҳаизыҟазаашьақәа уасхырс ироуроуп. Даҽакала ҟалашьа амаӡам», – иазгәеиҭеит Алеқсандр Лукашенко.

Ареспублика Беларус Ахада Аслан Бжьаниа идигалеит аҧхьаҟа реизыҟазаашьақәа шышьақәыргылатәу, урҭ рырҕәҕәаразы иҟаҵатәу уҳәа иалацәажәарц.

«Сара аҧышәа ду змоу уаҩуп, аполитикаҟны сыҟоижьҭеи шьҭа акыр шықәса ҵуеит. Ҳаицәажәап, аҧхьаҟа ҳаҧсҭазаара аиҿкаашьа ҳазхәыцып. Ара ихадароу, ажәлар ирықәнагоу аҧсҭазаара рымазароуп, избан акәзар, ари иҧшьоу дгьылуп, иқәынхо ауаагьы уаа цқьақәоуп. Уи сара исгәалашәоит асовет аамҭазы ара саныҟаз инаркны. Убри аҟнытә аиҩызара ацҳақәа ҳабжьаҵара мацара адагьы, аҵак ду змоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар ҳҭахуп», – ҳәа иаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Лукашенко.

Дазааҭгылеит Беларуси Урыстәылеи еизҵааны, еиқәшаҳаҭрала ргәаанагарақәа шышьақәдыргыло. «Урыстәыла иахьа ажәҩахыр аҭара ҳазхиоуп. Аамҭа ааизар ҟалап. Иахьа, даҽа аамҭак еиҧшымкәа, иаҳбартә иҟалеит адунеи зеиҧшрахаз. Ҭынч анхара ҳарҭараны иҟаӡам. Убри аҟнытә аиҩызара ҳзызуа рҟны ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ҳалагароуп», – иҳәеит иара.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дақәшаҳаҭхеит адунеи аҟны аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. «Ахҭысқәа азҿлымҳара ду раҳҭоит. Аҧсны иқәынхо дарбанзаалак ари игәы арҭынчуам. Шәара ижәдыруазар ҟалап, ҳтәылауаа иахьа Донбасс ишеибашьуа. Рыцҳарас иҟалаз, иҭахазгьы ыҟоуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Анаҩс, Аҳәынҭқаррақәа Рхадацәа реиҧылара мҩаҧысит хазы, ашәқәа аркны.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me