«Ҳара имҩаҧааго акциа рхы аладырхәуеит 50-ҩык инарзынаҧшуа. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәас иамоуп Аҧсны амаланыҟәа рныҟәцаҩцәа реилазаареи Аҧсны аҿари аспорти рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аусбарҭеи. Ҳара ас еиҧш амаланыҟәатә еиҧхныҩларақәа уажәаҧхьагьы изныкымкәа имҩаҧаагахьеит. Ҳаҧхьаҟагьы ари традициала есышықәса амҩаҧгара гәҭакыс иҳамоуп. Алада-Ешыра ақыҭан иҟоу В.Г.Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь, С.У.Багаҧшь ихьӡ зху ашҭахь ҳхынҳәуеит. Араҟа акциа зхы алазырхәыз зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахоит», – иазгәеиҭеит аиҧхныҩлара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Леван Габелиа.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
