Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ажурнал "Алашара" изаамҭану ахәбатәи аномер.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс 30 шықәса аҵра иазкны араҟа икьыҧхьуп Аркади Кархалаа иажәеинраалақәа, иара убас аибашьра атемала акьыҧхь рбеит  Анатоли Лагәлаа иповест "Ҳшеибгоу алашара ҳзаҧылар…",  "Аҧсуа ҧҳәыс Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы" зыхьӡу Шьазина Џьапуа лстатиа, Алхас Чхамалиа истатиа "Схәыҷра сыцәзырӡыз аибашьра", Аполлон Думаа икьыҧхьымҭа "Жәларбжьаратәи аӡбарҭа иаҭатәыз ауаа".

Ажурнал апоезиатә рҿиамҭақәа рахьтә ианылеит Белла Барцыц лпоема "Адырра ҵаулақәа рбаагәара", Сергеи Агындиа, Иван Миқаиа, Енвер Ажьиба ражәеинраала ҿыцқәа. "Аҿар рыбжьы" арубрикала ицәыргоуп апоет ҿа Аинар Ҷыҭанаа иажәеинраала ҿыцқәа.

 Нури Бараҭелиа диижьҭеи 90 ш. аҵра аҳаҭыр азы икьыҧхьуп иажәабжь "Ахақәгәыҕра". Шоҭа Ҷкадуа диижьҭеи 90 ш. аҵра инадҳәаланы ианылеит Елеонора Коҕониа лстатиа "Аҳра зуаз акомедиограф".

Аҭыжьымҭа ианылеит Владимир Аҵнариа аҧсшәахь еиҭеигахьаз Бертольд Брехт ипиеса "Ан Куражи уи лыхшареи".

Алитератураҭҵаара, инеизакны аҭҵаарадырра иаҵанакуеит Валентин Кәаҕәаниа, Инал Гыцба, Альбина Анқәаб, Фатима Лакрба, Милана Гыцба еиуеиҧшым атемақәа ирызку рстатиақәа.

"Ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи" арубрика аҟны ицәыргоуп Борис Қәҭалиа аҧхьаҩцәа ирыдигало акьыҧхьымҭа  "Аҧсуа чара иазку агәалашәарақәа".


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me