Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира 29 шықәса ахыҵра!

Аиааирахь амҩа даараӡа иуадаҩын, аҧсҭбара дуқәа ацын, аха ҳҵеи ду, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҧхьагыла, ҳаамҭазтәи Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьҭаркҩы, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәҭакы анагӡараҿы, ахақәиҭра аагараҿы хьаҵра аазмырҧшуаз, Ҳаҧсадгьыл аҧышәара дуӡӡақәа ирылигеит. Злахьынҵа инапы ианызҵаз ижәлар днарылагыланы, аибашьраҿы Аиааира диргеит, иара убриалагьы ахьыҧшымра алиршеит.

Иахьа уажәраанӡа, ишырҳәо аиҧш, Анцәа иџьшьаны, ҳажәлар адунеи аӡеибафара иаламӡыкәан, еибга-изҩыда иаауеит.

Аҧсуа жәлар ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны, ршьамдгьыл Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азаагаразы, аҧхьаҟа изызҳауа абиҧарақәа рзеиқәырхаразы еснагь ақәҧара ишаҿыз аҭоурых шаҳаҭуп. Абри ақәҧара урҭ аӡрыжәит, абиҧарак аҟнытә даҽа абиҧарак ахь ииасуан. Уажәтәи ҳ-Џынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз Аиааира даҽакы иузеиҧшыншьалом, даҽакала иуҳәозар, ҳажәлар рҭоурых аҿы иргахьоу аиааирақәа ириааироуп.

Наунагӡа иҟазааит шьала иаагоу Аиааира!

 

Ҧсҭазаарас иҟоу – Ҧсадгьылуп        

  В.Г.Арӡынба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me