«Хараӡа џьара, сгәалашәараҿы…»

XXII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» инҭагӡаны «Хараӡа џьара, сгәалашәараҿы…» ҳәа аконцерт мҩаԥысит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҳаҩсыз амчыбжь ахәашаҽны.


Ақәгыларақәа рпрограммаҿы иарбан 1940-1970-тәи ашықәсқәа раан еицырдыруа асоветтә ашәақәа. Урҭ реиҳарак азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа. Концертк аҟны абарҭ ашәақәа рынагӡара аԥшьызгаз ашәаҳәаҩ лхаҭа лоуп.
«Арҭ сандуи сани рашәақәа ракәын. Урҭ срылиааит, ҳҭаацәараҿы схәыҷра иацын, исаҳауан урҭ ашәақәа» – лҳәоит Хьыбла Гьерзмаа. Урҭ аранжировка рзиуит апианист Олег Аккуратов, иагьилшеит урҭ ашәақәа аџьаз абжьқәагьы рхаҵара.
Иарбанзаалак акомпозициа ихаҭәаау спектакльны иҟан. Апианист иқәгылара иацын ашәаҳәаҩ лыбжьыхаагьы. Аӡырҩцәагьы рлымҳа кыдҵа, акы раҩмыршәо, ргәы хыҭ-хыҭуа иԥшын.
Иазгәаҭатәуп, Аккураторв абжьы хазына шимоу, уи иара иахьиҭаху, ишиҭаху ҟазарыла, баҩхатәрала ихы ишаирхәо, ароиал аҟны ихәмарра аиԥш. Иара ибжьи Хьыбла лыбжьи убасҟак еинаалон, ихеибарҭәаауан аӡырҩцәа иџьаршьартә еиԥш. Уаҩы иныруан урҭ ирацәаны аус шеицырухьоу, дара-дара ажәамыцхәыда ишеилибакаауа.
Ҳоператә шәаҳәаҩы илылшеит асоветтә композициақәа рынагӡара. Лыбжьы уаҩы игәаҵанӡа инеиуан, ԥхаррак унаҭон.
Аконцерт мҩаԥысит гәышьҭыхра дула. Ашәақәа рҽеиҭнырыԥсахлон. Аӡырҩцәа ирныруан ҳара ҳтәылақәа ирыхҭыргахьоу ала аҭоурых беиа шрымоу, ирзеиԥшу шырацәоу. Урыстәыла еснагь аиаша иашьҭоу, иазықәԥо зегьы рхы ахьеидыркыло тәылан иҟоуп, ус иҟоуп иахьагьы.
Апрограмма анҵәамҭазы аԥсышәала ашәа еицырҳәеит.
Иҭабуп артистцәа музыкала ҳахьышәгәыдшәыҳәҳәалаз, ҳахьшәыргәырӷьаз, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш агәра ҳго ҳахьыҟашәҵаз азы – абри акәын аӡырҩцәа рхы-рҿы ианубаалоз.
Аконцерт аҿы еизгаз амалқәа зегьы ахырыԥхьаӡалеит 11 шықәса зхыҵуа Фридонна Аҩӡԥҳа лыхә­шәтәра. Аконцерт еиҿкаан Урыстәыла акультура Аминистрреи, акультуратә аԥшьгамҭақәа Урыстәылатәи рфонди, Хьыбла Гьерзмаа лфонди рыла.

Бедиатәи
аныхабаа аҿаԥхьа

Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааи Академиатә хор ду «Ашәаҳәара азҟазацәеи» рконцерт мҩаԥысит ажәабатәи ашәышықәсазы иргылаз Бедиатәи аныхабаа аҿаԥхьа адәҳәыԥш аҟны август 18 азы. Уи мҩаԥган XXII афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» инақәыршәаны.
Аконцерт азкын аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра. Абри аҟнытә, аныхабаа аҿаԥхьа еиҿкаан Д.Гәылиа иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа зныԥшуа архивтә фотоҭыхымҭақәа рыхҩылақәа рцәыргақәҵа.
Адунеи зегь аҿы бзиа еицырбо Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартистка лзыӡырҩцәа лыршанхеит лыбжьала. Ахәылԥаз аҟны аоператә шәаҳәаҩы дацықәгылеит адирижиор, Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Лев Конторович напхгара зиҭауа Академиатә хор ду.
Амузыкантцәа иаздырхиеит адунеитә классика арҿиамҭақәа, аурыс жәлар рашәақәа, аԥсуа жәлар рашәақәа, иара убас асовет композиторцәа рашәақәа рыла ишьақәгылаз даара аинтерес зҵаз апрограмма.
Акыраамҭа еихымсыӷьуа напеинҟьарала иаԥылеит В.Беллини, И.С.Бах, Ш.Гуно, В.Вавилов, Д.Каччини, В.Шуберт уҳәа еицырдыруа акомпозиторцәа роперақәа рҟынтәи ашәақәа.
«Ахортә шәаҳәара азҟазацәа» инарыгӡеит Н.Голованов, И.С.Бах, В.А.Моцарт рашәақәа, иара убас урыс жәлар рашәақәа.
Ахор ҟазара ҳаракыла инанагӡеит аԥсуа жәлар рашәа «Ахәрашәа», иара убас Хьыбла Гьерзмаа иналыгӡаз «Ахрашәа», «Москвамҵантәи ахәылԥазқәа».
Афестиваль инҭагӡаны аоператә шәаҳәаҩы иарбанзаалак лконцерт ахәаԥшцәа еснагь иазыԥшуп, Аԥсны мацара акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рҟнытә аӡырҩцәагьы агәахәара ду рнаҭоит. Аха уажәтәи аконцерт зынӡаск даҽа ҷыдарак аман.
Аныхабаахь уназго амҩа ҭшәоуп, амашьынақәа зеивымсит, атранспорт ааныжьны ҩ-километрак шьапыла ихалеит. Зышьхәа ҳаракыз ашьаҵақәа зшьазгьы аҳәса ари амҩа цәгьа ианысит хьаас имкыкәа, избанзар раԥхьаҟа ирзыԥшын аконцерт џьашьахәы.
Аконцерт ахыркәшамҭазы ашәа­ҳәаҩ агәыӷра шлымоу лҳәеит Бедиа ақыҭан амузыкатә коллективқәа рықәгыларақәа традициа бзианы ишыҟалауа, ақьырсианра иабаҟоу аныхабааи иагыу-иабзоу шыҟаҵахауа.
«Сара акырынтә исаҳахьеит еиуеиԥшым амузыкатә коллективқәа рынагӡарала «Ахәрашәа», аха иахьа исаҳаз акы иалаҩашьом. Хьыбла иҭабуп ҳәа ласҳәоит иаҳзеиҿылкаауа амузыкатә ныҳәақәа рзы», – иҳәеит абырг Апполон Шьаданиа.
Август 19 азы Аҟәа, амшын аԥша­ҳәаҿы Хьыбла Гьерзмаа лфестиваль иацылҵеит.Еснагь аиԥш ашәаҳәаҩи лара лҩызцәеи рконцерт еизнагеит хыԥхьаӡара рацәала лҟазара абзиабаҩцәа.

Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me