Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа:"Ҳарҭ зегьы ҳазхәыцлароуп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи шеиқәҳархаша"

Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысит Ахада Аслан Бжьаниеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Инал Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧснытәи амилаҭтә хеидкыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба, Ареспубликатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, Ареспубликатәи аполитикатә партиа "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" ахантәаҩы Аслан Барцыц, апартиа "Аҧсны" ахантәаҩы Витали Габниа.

Ауаажәлар рыбжьара аҳәоуеиқәшәара алыршара хықәкыс ишьҭыхны, амчреи аоппозициеи рхаҭарнакцәа реицәажәара аиҿкааразы Ауаажәларратә палата аусуратә гәыҧ хаҭарнакра азыруан Сократ Џьынџьал, Витали Смыр, Михаил Сангәлиа, Руслан Ҳашыг, Абесалом Кәарҷиа.

Сакрат Џьынџьал аиҧылара аартуа, иҳәеит дшақәгәыҕуа аоппозициеи, амчреи, ауаажәларреи реиҧылара иззыҧшу алҵшәа аанашьҭып ҳәа.

"Ҳара иаҳҭахуп ҳҳәынҭқарра ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рсистема иааиҧмырҟьаӡакәа имхыџ-хыџларц, еиуеиҧшым аполитикатә хҭысқәа ҳҳәынҭқарра шьақәырымҟьаларц. Хықәкык ауп иҳамоу-иааиҧмырҟьаӡакәа ҧхьаҟаацара. Иаҳҭахуп ажәлар рыҩнуҵҟа аҭынчра алыршара, иара убас ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш еилыхха иаҳбо аҟаҵара, ажәлар амчра радгылара, урҭ ргәаанагара азыӡырҩра. Ажәлар рыдгылара ыҟамкәа амчра зҵааразаҵәыкгьы азыӡбаӡом", – иҳәеит Сократ Џьынџьал.

"Сгәыҕуеит аицәажәара ҵаҵҕәыла еибаркхап ҳәа, иалаҳкаап азҵаара хада, ҳалагап аусура", – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Сократ Џьынџьал иазгәеиҭеит аиҧылара шеиҿкаау ажәлар ргәы иҵхо акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәаразы. Убарҭ ируакуп аҳәынҭдача "Пицунда" азҵаара.

"Исҭахуп аҳәынҭдача "Пицунда" иазкны шәгәаанагарақәа шәҳәарц", – иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иҳәеит гәаартыла аицәажәара дшазхиоу.

"Шәааи, убри ҳалацәажәап. Лакҭала ҳаиҿаҧшуа абри атема ҳаламцәажәацызт. Сазхиоуп гәаартыла ацәажәара. Ҳарҭ ҳаӡәыкуп адәныҟатәи ашәарҭарақәа ишрыцло аганахьала, ҳарҭ зегьы ҳазхәыцроуп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи шеиқәҳархаша", – иҳәеит Бжьаниа.

Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иара убас иазгәеиҭеит, ҳасаб шырзулатәу адәныҟатәи ашәарҭарақәа, раҧхьаӡа иргыланы ишазхәыцтәу абарҭ аҭагылазаашьақәа раан Аҧсны шаҳахьчаша.

Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иҳәеит аҳәынҭдача "Ҧицунда" иазку аиқәышаҳаҭра аҭҵааразы аиуристцәа русуратә гәыҧ актәи аиҧылара шымҩаҧысхьоу, ззанааҭ иазҟазоу ргәаанагарақәа шеибырҳәахьо".

"Аиуристцәа ргәыҧ еизоит ргәаанагарақәа еибырҳәарц азы. Аиуристцәа рыхәҭак ргәаанагарала, аҧсуа ган азы изакәызаалак шәарҭарак ыҟам, даҽа шьоукы ашәарҭарақәа ыҟоуп ҳәа рыҧхьаӡоит. Аиҧылара хықәкыс иаман ҳазну аамҭазы иарбанзаалак азинтә нҵақәа ҟалашьа шрымам алацәажәара", – иҳәеит иара.

"Аҧснытәи амилаҭтә хеидкыла" ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба иҳәеит, иара зынӡаск дшақәшаҳаҭым аиқәышаҳаҭра аратификациа. Атәыла Ахада иахь аҳәара ҟаиҵеит амилаҭтә зҵаарақәа рахь диасырц.

"Амилаҭтә зҵаарақәа рахь шәиас, ҳаргьы ҳшәывагылоит. Иргылатәуп азакәан аҿаҧхьа зегьы ахьеиҟароу, амал-ашьал еиҟараны иахьеизыршауа, аҳәынҭаппарат лабҿаба уаҩы ибауа аус ахьауа аҳәынҭқарра. Мамзар иаарласны аполитикатә кризис бааҧсыҵәҟьа ҳауеит, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рзы ари ҭархагоуп. Иҳарҿиалароуп, иеизҳалароуп ҳажәлар, адгьылҵакыра акәымкәа. Шәара шәнапы аҵажәҩит абри аобиект аганахьала аҧсуа жәлар адгьыл иалхәыдазтәуа аиқәышаҳаҭра, аҧсуа закәанҧҵара шәамыхәаҧшӡакәа ахҧатәи ахаҿқәа уи рыҭара. Аҳәынҭдача азҵаара шьҭырхуамызт 11 шықәса, арахь шәара уи шәнапы аҵажәҩит. Исҭахуп абри аобиект ҳажәлар ирхатәмалны иаанхарц, аха Урыстәылатәи Афедерациа ахы ианархәаларц", – иҳәеит Арӡынба.

Уи иара убас ишьҭихит афымцамч, Қыртәыла аганахьала арратә шәарҭара, Мҷышьҭатәи аҧсыӡааӡарҭа, Ахада игәрагаразы ареферендум амҩаҧгара, Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара аӡбаратә қәҵарақәа наҟ-ааҟ разхаҵара иамадаз азҵаарақәа.

Амчраҿы иҟоу рахь Арӡынба иҟаиҵаз аҽҧныҳәақәа дырзыӡырҩны, Аҧсны Ахада иазгәеиҭеит уи иқәгылараҿы афактқәа шылаирха-ҩаирхоз.

"Урыстәыла иаҿагылоу агәалаҟазаарақәа змоу Аҧсны жәлар реиҳараҩык сырхаҭарнакуп ҳәа анышәҳәо – ари иашаӡам. Уи аҩыза ахаангьы иҟамызт, иагьыҟалом.

Сара џьарамзар-џьара исымҳәаӡац Урыстәыла ахыдҵақәа нанагӡом ҳәа, Пицундатәи аҳәынҭдачазы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩымхар. Сара исҳәахьеит уи даҽа ҭагылазаашьак аҧнаҵар шалшауа. Атәанчахәқәеи аҧарақәеи ртәы арбан Аҧсны анапхгара рыхьӡала ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ ишәҟәы аҟны.

Сара ахаангьы исымҳәац ҳ-Арбџьар мчқәа акагьы рылшом ҳәа, сцитатақәа ииашамкәа иаажәымгалан. Сара исҳәахьеит ҳ-Арбџьар мчқәа рылшарақәа ртәы, иахьа иҳамоу атәы, абри аганахьала аӡәымзар аӡәгьы амц дызжьарц сҭахым", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Аиқәышаҳаҭра ахада маӡала инапы аҵаиҩит ҳәа аҽҧныҳәа далацәажәауа, абас аҭак ҟаиҵеит: "Иҟоуп идыру аҧҟара, убри инақәыршәаны аиқәышаҳаҭра апроект нашьҭын Жәлар Реизарахь, уаҟа ирацәаны агәаанагарақәа, еиуеиҧшым аполитикатә дунеихәаҧшышьақәа цәырҵит. Ари – маӡала акәым, иҟаҵан иаҭахыз".

Анаҩсан, аиҧылара иацҵан ашәқәа аркны. Уи х-сааҭк инареиҳаны ицон. Аиҧылара ахыркәшамҭазы ажурналистцәа ирарҳәеит амчреи аоппозициеи рыбжьара гәаартыла аицәажәара шымҩаҧысыз, ҳаҧхьаҟагьы аиҧыларақәа шымҩаҧгахауа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me