"Шьчепка" аҟны – аҧсуа студентцәа

М.С. Шьчепкин ихьӡ зху Урыстәыла Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны аҧсуа курс – 15-ҩык астудентцәа (10-ҩык аҷкәынцәа, 5-ҩык аҭыҧҳацәа) аднакылеит. Урҭ ҧшьышықәса рыла Ф.Искандер ихьӡ зху адрама Аурыстә театр атруппа хадырҭәаауеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит атеатр адиректор Иракли Хынҭәба Феисбук аҟны идаҟьаҿы.

Сентиабр 1 азы Аҧснытәи аҿар, егьырҭ зегьы реиҧш, астуденттә билеҭқәа рнапы иадыркит. Астудентцәа ирыдныҳәаларц уахь инеит астатс-маӡаныҟәгаҩ – Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Алла Манилова, атеатр Маҷ асахьаркыратә напхгаҩы Иури Соломин, атеатр Маҷ адиректор Ҭамара Михаилова, Шьчепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа аректор Борис Лиубимов, Урыстәыла жәлар рартистцәа – аеҵәақәа, атеатр Маҷ  акорифеицәа. Алла Манилова лықәгылараҿы  хазы иалылкааит аҧсуа курс, иазгәалҭеит аҳәаанырцә аурыс театрқәа рыцхраара, акультура аганахьала жәларбжьаратәи аусеицура арҕәҕәара акырӡа шрыҵаркуа.

"Иџьашьахәуп, "Шьчепка" аректор, апрофессор Борис Николаи-иҧа Лиубимови ҳареи ҳаицәажәараҿы ицәырҵыз аидеиа аҧсҭазаараҿы ишынагӡахаз. Раҧхьаӡа иргыланы, ҭабуп ҳәа раҳәатәуп Урыстәыла акультура Аминистрреи хаҭала Ольга Борис-иҧҳа Лиубимоваи  абри апроект анагӡара гәык-ҧсыкала иахьадгылаз азы, избанзар ҳара ишьаҭаҳаркуеит ҳаҧхьаҟатәи аҧсуа театртә ҟазара ашьаҭақәа. Иара убас ҭабуп раҳҳәоит Россотрудничество, ахәҭакахьала, Аҧсны иҟоу уи Ахаҭарнакра азҵаарақәа зегьы ирласны рҭыҧ иахьықәырҵоз азы. Ҳәарас иаҭахузеи, Шьчепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу атеатртә ҵараиурҭа анапхгареи Б.Н.Лиубимови ҳреихырхәоит. Урҭ рыцхыраарада Аҧсны азы акырӡа зҵазкуа, хәарҭара злоу абри аус акымзарак алҵуамызт", – иҩуеит Хынҭәба

Адрама Аурыстә театр адиректор  игәаанагарала, Аҧснытәи аҿар даара ирықәҿиеит. Аҧсуа курс асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵоуп Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Алеқсеи Дубровски – абаҩхатәра злоу арежиссиор, актиорратә ҟазара акафедра аиҳабы. Рацәак ҵуам уи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә академиатә театр Маҷ асахьаркыратә напхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵоуижьҭеи.

Хынҭәба  иажәақәа рыла, "Аҧсуа студентцәа аҵара дырҵараҿы инагӡоуп здаҟам концептк: урҭ аҵара рыцырҵалоит Дубровски икурс аҟнытәи егьырҭ аҷкәынцәа  – москваа, питераа, анемеццәа, уимоу Китаи иатәу студентк. Ишыҟаҵәҟьоу ала, курск аҟны еидтәалоуп, ус анакәха ҳастудентцәа рҿаҧхьа адҵа ҳаракқәа ықәгылоуп, зегьы еиҧшны ирызнеиуеит, акгьы ранарыжьуам, зны-зынла "амилаҭтә" курсқәа ишрызнеиуаз аиҧш иҟам".

"Сентиабр 1 аҽны, абжьааҧнеиҧш, астудентцәа рыҧсы ршьоит, еидырныҳәалоит, аха ҳаҷкәынцәа рзы ҵарамшхеит – аҧхьарақәа ирылагеит асааҭ жәба рзы, иагьхдыркәшеит ҩажәа сааҭ рзы. Абас иҟалоит есҽны. Ихаҭәаау аҵаратә программа, арҵаҩцәа бзиаӡақәа, аҭагылазаашьа маншәала, Москва аҭыҧ лыҧшаах – Неглиннаиа амҩа, ааигәа атеатр Ду, атеатр Маҷ, азеиҧшнхарҭа хазына, – абарҭқәа зегьы хәыда-ҧсада, зегьы уара иудгылоит, иуцхраауеит. Мацара иаанхаз, ибзианы аҵареи ибзианы  ахымҩаҧгашьеи роуп. Ҳгәыҕуеит, ҳастудентцәа ҳ-Аҧсадгьыл Аҧсны дмырҧхашьап ҳәа ирылшо ҟарҵап ҳәа ззанааҭ иазҟазацәоу, ҵарадыррала еибыҭоу артистцәаны "Шьчепка" аҟны рҵара ахыркәшаразы", – иазгәеиҭеит Хынҭәба.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me