Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адныҳәалара Дмитри Медведев имшира

 

Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев Имшира идиныҳәалеит.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара шәыҧсҭазаара Аҧсадгьыл гәык-ҧсыкала азыҟазаара иаҿырҧштәуп, абри аҟнытә, имариам аамҭазы азеиҕьшьара хадақәа зызку Урыстәыла аманшәалара, аинҭәылара ауп. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара инеишьҭаргыланы имҩаҧырго аполитика ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра дуқәа руак аҳасабала Урыстәыла аҵакы шьақәдырҕәҕәоит.

Ахәшьара аҭара уадаҩуп, ҳаамҭазтәи Аҧсны аҿиараҿы Шәара шәлагаламҭа. Аҧсуа жәлар рҭоурых шәанылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхазҵаз Урыстәыла дуӡӡа Ахада иаҳасабала.

Шәара, ҳаҭыр зқәу  Дмитри Анатоли-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәа, агәамч, аҭынчра, ҳаҧхьаҟгьы ақәҿиарақәа аҳәынҭқарратә ҭыҧ аҟны".

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me