Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аамҭеи аҵареи уаҵәтәи ҳҧеиҧш

Ажәытәан ауаа ҵарада ахшыҩ рыман, уи зырҵабыргуа аҧсуа ажәаҧҟагьы ыҟоуп, "Аҵара сасуп, ахшыҩ аҧшәымоуп" ҳәа.

Аха, аамҭа акыр ҧхьаҟа ицеит, ауаҩытәыҩса ихәыцрақәа, ихымҩаҧгашьа, инырра, идырра уҳәа аҽаҧсахит, еизҳаит, аҽарҭбааит. Ҳәарада, хшыҩла ихәыдоу аҵараҿгьы дымхьысҳахар залшаӡом, аха ауаҩы ахшыҩ имоуп мацарагьы азхаӡом, ахшыҩ аҧыжәара шагогьы, уи аҵарадырра анацым ихаҭәаам.

Ҳаамҭазтәи абиҧара ҿа  аҵарадырра роурц азы иахьа даҽа аамҭанык  иеиҧшымкәа Адыррақәа рдунеи ахь  рымҩа аартуп, ирзаҧҵоуп аҭагылазаашьа бзиа. Иахьа, Аҧсни уи анҭыҵи, еиуеиҧшым ақалақьқәеи атәылақәеи рҿы ирацәоуп ауаҩы адырра ахьиоуша ашкол бзиақәа, зыхьӡ нагоу иреиҳау аҵараиурҭақәа, академиақәа, иара убас, акомпиутертә техника ахархәара акәзар, уи зегьынџьара еиҧш аҵара апроцесс аиҿкаараҿгьы аҧыжәара амоуп.

Ажәакала, акомпиутиертә  техника ахархәара акыр иарласуеит, иарманшәалоит иарбан  усзаалак, уи иахьатәи ҳаҧсҭазаара иузаҟәымҭхауа иахәҭакхаз ак акәны иҟоуп.  Аха уи ус шакәугьы, иҟалап, ҳара ҳаҧсҭазаара зны-зынла ҳхала иҳаруадаҩуазаргьы?!

Аиашазы, иахьа иаҧҵоуп аҭагылазаашьа бзиа адырра аиуразы, аха инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп аҵарадырра шхәыдаҧсадам, рыхшара аҵарадырра бзиа роурц азы ҳтәылаҿы аҭаацәа зегьы ишрымам алшара уи ахә ахшәаара, уимоу, иҟоуп аҭаацәарақәа, зыхшара ашкол иаҭаху амаҭәахәқәа: акалам, атетрад, ашәыра, ашколтә форма уҳәа рыла реиқәыршәара злымшои изцәыуадаҩуи.

Иҟалап, уи  џьазшьо шьоук ыҟазаргьы, аха ишырҳәо  еиҧш, "Ҭәи млашьи ахаангьы изеибадыруам…"

Ҳтәылаҿы, иахьа 4-5 нызқь мааҭ ауалафахәы зауа аҭаацәарақәа рацәаҩуп, ҳәарада, уи ҧароуп ҳәа изымшьо, алшара змам ирхымхәыцкәа зхы мҩаҧызго ҧыҭҩык шыҟоугьы. Иахьа ашкол ахь ицо ахәыҷы иеиқәыршәара аканцелиариатә маҭәахәқәагьы уахь иналаҵаны бжьаратәла иаҳҳәозар 7-8 нызқь иреиҵамкәан аҧара имазароуп, иҟалоит иеиҳангьы ицәныхыр, уи аӡәы иеиқәыршәара. Ҩыџьа, хҩык ашкол ахь иахьцо аҭаацәара шаҟа ирызтәар акәхои?!

Зыхшара ашкол ахь ицо аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәақәак: Кама, Гәында, Кристина уҳәа ҳзыҿцәажәаз излаҳарҳәаз ала, ашколтә форма хаҭала, аҷкәынцәа рзы 2000-2500  мааҭ иаҧсоуп, ашьаҵатәы уахь иалаӡам, ахәыҷқәа  ирхарҵо агалстук 800-1000  мааҭ иаҧсоуп, хазы, аиҵбыратә классқәа рҟны школқәак рҟны атетрадқәа Аҧсны абираҟ асахьа зну, даҽа школқәак рҟны Аҧсны агерб зну зегьы иеиҧшны рҭаацәа иаарымхәар ада ҧсыхәа ыҟамкәа аҧҟарра шьақәдырҕәҕәеит арҵаҩцәа. Ҳәарада, уи зеиҧшыҟам  аҧшьгароуп, ҳпатриотизмра шьақәнарҕәҕәоит, мап  ацәызкуада?! Аха, шьоукы убригьы абизнес алырхит умҳәозар?! Аҧсны абираҟи агерби рсахьақәа ахьану азы мацара 10 мааҭк иаҧсоу атетрад 28 мааҭ ҳәа ирҭиуеит, еиҳаны иахьаҧсоугьы аҭыҧқәа ыҟоуп. Ашколхәыҷ дҭыҧҳазар, уи  леилаҳәара, леиқәыршәара еиҳагьы иеиҳахоит, ашколҷкәын иаасҭа.

"Продленка" – ҳәа изышьҭоу, аурокқәа рышьҭахь ахәыҷқәа аангыланы рҵатәхәқәа арҵаҩцәа иахьыддырҵо акәзар, шамахамзар, ашколқәа зегьы рҟны, уаанӡа 2000  мааҭ иаҧсазҭгьы, сынтәа 2500 мааҭ рҟынӡа ахәҧса шьҭырхит.

Имҳәакәа высшьа амам, сынтәа раҧхьаӡа акәны, Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи Урыстәыла аҵара аминистрреи русеицураҿы ирыбжьоу аиқәышаҳаҭра абзоурала арҵага шәҟәқәа риура шхҭыс бзиоу, хаҭала , есышықәса арҵага шәҟәқәа раахәара "ихнарҵәахьаз" аҭаацәа рзы, – ари акрызҵазкуаз хҭысын. Аха, урҭ ргәахәара нагӡамхеит, ашколқәа хәыда-ҧсада  ирызшаз арҵага шәҟәқәак аиҳабыратә классқәа ирыҵаркуа  англыз бызшәа, агеографиа уҳәа амаҭәарқәа  Урыстәылатәи апрограммала излеиқәыршәоу, излаҭыжьу ала, ара изхысуаз апрограммеи иареи шеиқәымшәо ала азҵаара цәырҵит.

Уи инамаданы ҳара ҳиҿцәажәеит Аҧсны аҵареи абызшәатә  политикеи рминистрра ауаажәлар рыҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәеиҭеит ииун мза алагамҭазы, Урыстәылантәи  160  нызқь инеиҳаны арҵагатә шәҟәқәа шырзааз, насгьы, урҭ Аҧсны араионқәа ирыҵаркуа ашколқәа зегьы ишырзыршаз.

Актәи аетап иаҵанакуеит актәи акласс инаркны абжьбатәи акласс  аҟынӡа, амаҭәарқәа зегь рзы арҵагатә шәҟәқәа. Аҩбатәи аетап – ажәабатәи ажәеизатәи аклассқәа рзы арҵагатә шәҟәқәа риура ҳазыҧшуп ҳазну амза анҵәамҭазы. Ахҧатәи аетап – аабатәи ажәбатәи аклассқәа рзы арҵага шәҟәқәа ҧыҭрак ашьҭахь иҟалоит, уи адхалара мзызс иамоуп аибашьра ахьцо Украина, иҭадырцәыз ақалақьқәа рҟны ашколқәа рҵага шәҟәыла  реиқәыршәара ахьаҧхьазгәарҭо азы", – иҳәеит Аслан Қәҭелиа.

Аслан иажәақәа рыла, арҵагатә шәҟәқәа хәыда-ҧсада ашколқәа риура акрызҵазкуа хҭысуп. Уи иазгәеиҭеит, ари аусмҩаҧгатә сынтәа раҧхьаӡа акәны ишхацыркхаз, аҧхьаҟагьы  ишацҵахо.

Ҳаиҿцәажәараан  уи дазааҭгылеит арҵага  шәҟәқәа резервк аҳасабала, Аҧснытәи  абиблиотекақәа рҟынгьы аҵәахра ахылаҧшра  шарҭаз, иара убас, имӡакәан иҳаиҳәеит Гагра араион аҟны арҵага шәҟәқәа шырзымхаз, аха, уи азҵаара шыӡбахо, иаарласны  Гагра араион ашколқәагьы рҵага шәҟәыла ишеиқәыршәахо ала агәра ҳиргеит.

Зегь реиҳа ихадаз азҵаара, ашколқәа хәыда-ҧсада ирзыршаз арҵага шәҟәқәа ахархәара аҭараҿы  иманшәалам, иуадаҩуп, апрограмма иақәшәом ҳәа ицәырҵыз азҵаара дазааҭгыло иҳәеит: – "Еиуеиҧшым ацәажәарақәа  цоит, Урыстәыла астандарт ала  еиҿкаау, зхаҭабзиара ҳараку арҵага шәҟәқәа ҳара иаҳнаалом, ҳапрограмма иақәшәом ҳәа зҳәо арҵаҩцәа ыҟоуп, издызкылар, ахархәара  азҭар зҭахым, мап ацәызкуа ашколқәа, аха, сгәы иаанагоит ари азҵаара ӡбахап ҳәа".

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, Аслан иазгәеиҭеит, даҽа хҭыскгьы, уи хышықәса раахыс ахшара рацәа змоуи малла иҕару аҭаацәарақәа рыхшара, хаҭала 800-ҩык школтә  формала ишеиқәдыршәо ауп. Сынтәагьы арҭ аҭаацәарақәа хылаҧшрада иаанырмыжьит Аслан иажәақәа рыла.

Ҳәарада, иахьа ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәеи малла иҕару аҭаацәарақәеи гәцаракрала ирзыҟоу ауаа уаҩы иахьиҧыло акыр аҵанакуеит. Ашкол аҭалара аламҭалаз, есышықәса традициа ҳасабла ишыҟарҵалац еиҧш зыӡбахә ҳамоу аҭаацәарақәа рыхшара хаҭала канцелиариатә маҭәахәла 700-ҩык ахәыҷқәа еиқәдыршәеит Агәыҳалалратә фонд "Кьараз".

Аиашазы, уаҵәтәи  ҳҧеиҧш знапы иану аҿар, еиҵагыло абиҧара ҿа рыҧсҭазаареи урҭ рҵарадырреи рҧеиҧш лашеи аиҕьтәразы досу иҳалшо зегь ҟаҳҵозароуп, ацхыраара зҭаху ҳгәы  еиҟараны ҳаизымнеироуп, малла ибеиоу уи  иатәамбара ацынхәрас илшо ала ацхыраара идигалозар еиҳа дарҧшӡоит, Анцәа Ду иҿаҧхьагьы иуалҧшьа наигӡоит, иагьиџьишьоит!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me