Археологиатә ҧшаахқәа Очамчыратәи аекспедициа алҵшәақәа

2022 шықәсазы Аҧсны аҧсуа-аурыстә археологиатә експедициа аҳәаақәа ирҭагӡаны ажәытә қалақь Гиуенос (Очамчыра) имҩаҧысуан аҧшаарақәа. Аҧсуа-аурыстә експедициа Аҧсны аусура хацыркын 2002 шықәсазы. Иара напхгара арҭоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы А.И. Џьопуеи Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Археологиатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Мрагыларахьтәи аинститут аиҳабы ихаҭыҧуаҩ А.И. Скакови. 

Абар, ҧшьышықәса ҵуеит аҵарауаа инеиҧынкыланы Гиуенос 1980 шықәсазы иҧшааз, аамҭала V ашә., VI ашә. алагамҭеи ирыҵанакуа Византиатәи аныхабаа акәша-мыкәша аусурақәа мҩаҧыргоижьҭеи. Ари аҭыҧ аҟны аберҭыҧ, аныхабаа ыҟан ҳәа агәаанагара ыҟоуп. 2021 шықәсазы аҭҵааҩцәа инагӡаны иҭырымҵаацыз ақьырсиантә уахәама амраҭашәарахьала иацу ауада ҷыда аҟны иҧшаахеит акрызҵазкуа, Амшынеиқәаҿықә иахьаҵанакуа еиҧш зеиҧш ыҟам аҭса иалху аҭоубыҭ. Аҭоубыҭ иҭан 50 шықәса инареиҳаны изхысуаз ахаҵа иҧсыбаҩ. Агәаанагара ыҟоуп, уи ддинмаҵзуҩын ҳәа. Аныхабааҿы иааҧшит убасгьы ажәытә аамҭа иаҵанакуа иҵегьы аҧшаахқәа – проконесстәи амармалташь шкәакәа иалху, иҭыҟҟоу агәашьа хыхьтәи ахәҭа, арамеитәии абырзен бызшәеи рыла аҩыра зну ақьырмыт (плинфа). Византиаа аҳра аныруаз аамҭа иақәшәо аҭыҧ аҟны ицәырҵит аамҭала Ҳера ҟалаанӡа VI-IV ашә. иаҵанакуа аҧшаахқәа. 2021 шықәсазы антикатәи аҿыгҳараҿы иааҧшит V-IVашә. ирыҵаркуа амҿтәы кәадыр ахәҭа хадақәа. Уи иашьашәалоу ҧшаан шәышықәса раҧхьа Амшынеиқәаҿықә аҩадатәи аҭыҧ аҿы, ҳаамҭазтәи адгьылҵакыра Кьерч иахьаҵанакуа.

Ҳера ҟалаанӡа V ашә. аҩбатәи азбжеи инаркны IV ашә. актәи азбжеи рзын ажәытәӡатәи авторцәа (Псевдо-Скилак) антикатәи ақалақь Гиуенос аӡбахә раҳахьан. Раҧхьаӡа акәны ақалақь аҿиара иалагеит аамҭала ҳера ҟаланеӡа VI ашә. алагамҭеи, ма актәи азбжеи ирхымгакәа. Антикатәи ақалақь абжеиҳара ықәган 1935-1936 шықәсқәа рзы амшынтә баҕәаза аргылара аан, усҟан археологцәа имаҷны хылаҧшра ахьарҭаз иахҟьаны. Х-хәык аҟынтәи еиқәхыз амрагыларахь иҟаз хәык оуп, убраҟоуп уажәы аҧшаарақәа ахьымҩаҧысуазгьы. Ишыҟазаалакгьы иахьатәи аамҭазы Гиуенос ари антикатәи аамҭа иатәу ҳәааҭаӡароуп. Еицырдыруа Диоскуриа, Питиунт рҭыҧ аҟны макьана иҧшаам аурымтә аамҭа аҿыгҳара.  

Аныхабаа аладеи амрагылареи акәша-мыкәша имҩаҧгаз  ажрақәа рҿы иҧшаахеит аамҭала V ашә. ҳера ҟалаанӡа иаҵанакуа антикатәи аҧшьаҭыҧ. Араҟа иуҧылоит абҕанҷи анышәаҧшьи. Аныхабаа ауасхыр жәа сантиметрк рынахыс иҧшаахеит анцәахәқәа рымҵахырхәарҭа. Ари акыр иугәаланаршәоит Нхыҵ- Уаҧстәыла аиланхарҭа Сауар иуҧыло иара еиҧшу анцәахәқәа рымҵахырхәарҭа. Абас аамҭала изҵазкуа ашьақәыргылараҿы ахархәара рыман иҧшааз антикатәи аамҭа иатәу акыцӡры (акерамика). Шамахамзар иуҧыло амаҭәарқәа аамҭала V ашә. ҳера ҟалаанӡа ирыҵанакуеит, иааган Аттикеи Афинеи рҟынтә. Ирацәамкәа иуҧылоит асалқәеи аҳәызбақәеи рыҧҽыхақәа. Даараӡа аҭҵааҩы изы аинтерес зҵоу ҧшаахуп антикатәи аамҭа иатәу, зыҩаӡара ҳараку асахьаҭыхҩы иусумҭа – аџьаз иалху анцәахәы иҭеиҭыҧш. (Иҧшаауп урҭ ирышьашәалоу ахаҿсахьақәа хыҧхьаӡарала 20 инареиҳаны). Убас иҟоуп ахьлыхқәа – шәага-загала еиуеиҧшым аҟәынақәа, алымҳарыҩқәа, акакаҷқәа, ахаҿсақәа. Аҟәынақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп еиуеиҧшым аҧсаатәқәа (амшынҟыз, ашьауардын амҵәыжәҩақәа змоу аҧстәы, анцәахәы, еиҿыртәышьала амаҭ аҵыхәа змоу ашәарахқәа, «амаҭшьапы зҵо анцәахәы» («Rankenfrau»), знапаҿы иџьашьаху ҩ-мамыршәагак зку ихаҿсахьа. Ахьы иалху амаҭәарқәа реиҳарак ҳәарада иҟазҵаз абырзен напҟазацәа роуп, аха иҟоуп колхидатәи ахьиҩцәа рыҟаҵамҭақәагьы. Иааизакны амаҭәарқәа зегьы ирныҧшуеит ажәытәӡатәи абырзенцәеи аримлианцәеи рыҟны тәым ҳәынҭқаррак аҟынтә ирыланагалаз ауаа рҟазшьақәа.

Ари даараӡа акрызҵазкуа аартроуп. Ҳәарада, Амшынеиқәаҿықә иахьаҵанакуа адгьылеизакыраҿы ари аҩыза аҧшаахқәа цәырымҵыр ҟаломызт. Ҧхьаҟагьы аусурақәа иҵегьы ирыцҵахоит.


    А.И. Џьопуа,

    А.И. Скаков

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me