Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа Нхыҵ-Кавказҟа дцеит

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа сентиабр қ инаркны 12 азынӡа дырҭаауеит Урыстәылатәи Афедерациа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликеи, Ареспублика Адыгеиеи, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликеи, Ареспублика Адыгеиеи рхадацәа рнаҧхьарала Аслан Бжьаниа ихы рылаирхуеит Адыгеиа анеиҿыркааз аахыс 100 шықәса аҵра иазку агәырҕьарақәа, иара убас ареспублика ахада имаҵура иахагылара.

Ахада иныҟәара мҩаҧысуеит Аҧсны Аиааиреи ахьыҧшымреи иҟалараны иҟоу рымшныҳа инамаданы.

Аслан Бжьаниа игәы иҭоуп хатәгәаҧхарала аибашьцәа рҧылара, дырҭаауеит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рнышәынҭрақәа.

Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, Аҧсны Ахада даҭаауеит Ҟарачы-Чеқьестәыла, уаҟа диҧылоит Ареспублика Ахада Рашид Темрезов. Иара убри аҽны Ахада ихы рылаирхәуеит Ҟарачы-Черқьестәыла еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса ахыҵра иазку агәырҕьарақәа. Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликаҿы рыҟазаара аан, аҳәынҭқарра Ахада диҧылоит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков.

Сентиабр 8 азы имҩаҧысуеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәеи ауаажәларреи рҧыларақәа.

Аҧсны Ахада ашәҭқәа шьҭеиҵоит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рбаҟеи, иара убас Иури Калмыков ибаҟеи рҟны.

Аул Каро-Паго аҟны Аслан Бжьаниа даҭаауеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашкол, аул Ҳабез аҟны акәзар – Леон иорден занашьоу Мусса Дауров инышәынҭра.

Сентиабр 9 азы Нальчик имҩаҧысуеит Аҧсны Ахадеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Ахада Казбек Кокови, Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика аҟнытәи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаҧхарала аибашьцәеи реиҧылара.

Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭаиҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз ахатәгәаҧхарауаа рбаҟа ахьықәгылоу Аҧсны Ашҭаҿы, иара убас Ҟабарда-Балкариа актәи ахада Владимир Коков ибаҟаҿы, даҭаауеит Аҧсны Афырхҵа Сулҭан Сосналиев инышәынҭра.

Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада ихы алаирхәуеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырҕьаратә еизара.

Сентиабр 11 азы Аслан Бжьаниа ихы алаирхәуеит Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилов имаҵура иахагылара иазку агәырҕьара

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me