Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адгьыл аҭира ауам

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит "адгьыл аҭиразы" еиуеиҧшым алымҳаҭасқәеи ахыҭҳәаақәеи ҳажәлар ирызцәырыргаз агәҭынчымра инамаданы. Адгьыл изакәызаалак даҽа формак ала аҭира Аҧсны уаҩы дзалацәажәаӡом, – иаҵишьит Ахада.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны атәылауаа! Шәара шәахь схы сырхоит "адгьыл аҭира" ҳәа изышьҭоу атема аганахьала ахыҭҳәаақәеи, алымҳаҭасқәеи, иаахтны амци ирхылҿиааз агәҭынчымра инамаданы.

Алымҳаҭасқәа изакәызаалак џьара акала ахҳәаа рзыҟаҵара сҭахымкәа, афактқәа рахь схы сырхоит.

Атәыла Азакәан Хада – Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҟны еилыхха иарбоуп: "Адгьыли егьырҭ аҧсабаратә ресурсқәеи ажәлар ирхатә малуп, Аҧсны аҳәынҭқарраҿы рхы иадырхәоит, ирыхьчоит иара атәылауаа рыҧсҭазаареи русуреи ирышьаҭаны". Абасала, Аҧсны адгьыл аҭира лацәажәашьа амам. Ари аҧҟара быцра ақәым, аиҭахәаҧшра ауам.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аконституциа анагӡара да-Гарантуп, аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала ҭакҧхықәра дула инасыгӡалоит Аҧсны Ахада имаҵура ҭыҧ аҿы исзалху аҿҳәара аҩнуҵҟала исыдҵоу ауалҧшьақәа.


А.Гь.Бжьаниа

Аҟәа, 2022 ш. сентиабр 1

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me