Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Апрокуратура хада аҟны ашықәсбжазтәи аусура: аихшьалақәа, азҵаатәқәа

2022 шықәсазтәи аусура аихшьалара иазкын ааигәа Аҧсны апрокуратура Хада аколлегиа  аилатәара. Хантәаҩра азиуан апрокурор Хада Адгәыр Агрба, – иаанацҳауеит апрокуратура хада асаит. Аилатәараҿы уи иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 1992-1993  шықәсқәа рзы иҭахаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи хатәгәаҧхарала аибашьцәеи. Аилатәараҿы иҟан апрокурор Хада ихаҭыҧуаа, аусбарҭақәа реиҳабацәа, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокурорцәа уҳәа егьырҭгьты.

Аҳәынҭқарраҿы азакәанреи азинлеишәеи рҭагылазаашьа зеиҧшроу азы ажәахә ҟаиҵеит апрокурор Хада актәи ихаҭыҧуаҩ Дамир Кәыҵниа. Иара убас имҩаҧыргаз аусуразы аҳасабрбақәа ҟарҵеит аусбарҭақәа реиҳабацәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рпрокурорцәа, ҷыдалатәи  апрокурорцәа. 


  • Аӡбамҭа рзышьҭхоит анагӡаразы

Аҳасабрбақәа ианырзыӡырҩ ашьҭахь, апрокуратура Хада аколлегиа  аӡбамҭа аднакылеит. Уи рзышьҭхоит апрокуратура Хада аусбарҭақәа реиҳабацәа, аҭыҧанқәа  рҟны апрокурорцәа. Ахәҭакахьала азакәанҧҵара ахылаҧшразы Аусбарҭа, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокурорцәа, урҭ, ираҟаратәу апрокурорцәа аекономикатә еизыҟазаашьақәа русхк аҟны ахылаҧшра дырҕәҕәароуп. Агәаҭарақәа рарбареи рымҩаҧгареи раан иҵегьы хшыҩзышьҭра азыҟарҵароуп ахатәмали ахатәтәреи рзакәанқәа, ашәахтә, аҳазатә, атәылауаҩратә закәанҧҵарақәа рҧҟарақәа  рықәныҟәара. Убри инамаданы апрокуратура аусбарҭақәеи, амчра ахаҭарнакратә, анагӡаратә усбарҭақәеи агәаҭаратә уҳәа егьырҭ аусбарҭақәеи русеицура  алҵшәа еиҕьыртәыроуп, рыжәҩахыр еибырҭароуп.


  • Ашшыҧхьыӡқәеи арзаҳалқәеи рыхәаҧшраан

Агәаҭарақәа рымҩаҧгараан, атәылауааи амаҵурауааи уҳәа рашшыҧхьыӡқәеи рарзаҳалқәеи рыхәаҧшраан иалыршахароуп урҭ инарҵауланы аобиективла рыҭҵаара, реилыргара. Аилагарақәа аарҧшхар  инхарҭәааны ахархәара рзухароуп "Аҧсны Аҳәынҭқарра апрокуратура азы" Аҧсны Азакәан иазҧхьагәанаҭауа апроркурортә хаҵгылара аусмҩаҧгатәқәа. Аминистррақәеи, аусҳәарҭақәеи, аҳәынҭнапхгараҭара егьырҭ аусбарҭақәеи рмаҵурауаа рганахьала азинеилагарақәа рымҩаҧгара алзыршо афакторқәа аарҧшхар, азакәанҧҵара ақәымныҟәара шамуазы ҕәҕәала агәҽанҵарақәа ҟаҵахароуп. Иара убас, апрокурортә хлаҧшра аиҕьтәразы апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵара шьҭырхлароуп Аҧсны азакәанҧҵарақәа рҵара амҩала.

Апрокурорцәа  зықәра намӡац рзинқәеи рзакәантә интересқәеи рықәныҟәаразы ахылаҧшра шдырҕәҕәаша, урҭ рганахьала азинеилагарақәа ргәырҽанҵара  хшыҩзышьҭра шазырулаша инаҵшьны иазгәаҭоуп аӡбамҭаҿы.

Аколлегиа аилатәараҿы азинхьчаратә усӡбарҭақәа русзуҩцәа зегьы  иааҧыҵәҵәа-ҧыҵәҵәаны адҵақәа рыҭан.


  • Амшын иаҧну адгьылқәа рҵыхәала

Ахатәмали, адгьыли, афымцамчи, иара убас ашәахтәи абиуџьеттәи закәанҧҵарақәа рынагӡара иахылаҧшуан апрокуратура аусбарҭақәа. Урҭ имҩаҧыргауа агәаҭарақәа рыла ишьақәыргылахеит 2017 ш. инаркны 2021 ш. азынӡа араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа рмаҵурауаа Адгьылтә кодекс аҧҟарақәа, "Адгьыл ахшәаатәы азы" Аҧсны азакәани, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара адҵақәа, ақәҵарақәа еиларгеит. Аилатәараҿы  апрокурор хада актәи ихаҭыҧуаҩ Ҭемыр Кәыҵниа иажәахә аҟны рыхшыҩ азишьҭит:  амшынҿықә иаҧну адгьылқәа рыҭара аҧҟара иааиҧмырҟьаӡакәа  аилагара; адгьылқәа риура иашьҭоуи ахархәаҩцәеи рганахьала  адгьылтә закәанҧҵара адҵақәеи, азинҧҟарақәеи, қьырала ашьҭыхра аҧҟарақәеи нармыгӡалар, адгьылқәа рымхразы аусмҩаҧгатәқәа рыдымкылара; хҭысқәак раан хазы игоу аиуристтә хаҿқәеи хҭалатәи анападкылаҩцәеи  рҟны адгьылқәа қьырала ргаразы аиқәышаҳаҭрақәа бжьаҵам; ишьақәыргылоуп аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анападкылаҩцәеи ргнанахьала адгьылқәа анапаҿы раамгара, аобиектқәа рыргылара аҿҳәарақәа рықәымныҟәара афактқәа; адгьыл ахархәара азин зыршаҳаҭуа ақьаадқәа  ашьҭазаҩ иҭара аганахьала Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарақәа, рыдҵақәеи рыҧҟарақәеи амаҵурауаа ишынармыгӡо.


  • Егьырҭ аилагарақәа

Иара убас еиларгоит иалху адгьыл аҟны археологиатә ҧшаарақәа рымҩаҧгараҿы акультура Аминистрра ақәыршаҳаҭразы адҵақәа, Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара анаднакыла аҽны инаркны 6  мзы рыҩнуҵҟала аргылара апроект аиқәыршаҳаҭра уҳәа егьырҭгьы. Аилагарақәа зхылҿиааз мзызқәаны, ҭагылазаашьақәаны иҟоуп адгьылтә закәанҧҵара ахылаҧшразы изыхәҭоу ахадарақәа рмаҵурауаа русура ишахәҭоу иахьеиҿкаам. Агәаҭара алҵшәақәа рыла араионқәеи  Аҟәа ақалақьи рхадарақәа рахь ахаҵгылара-шәҟәқәа 7 нашьҭуп иаарҧшу агхақәа раҧыхразы, урҭ реиҧш-зеиҧшу аҧхьаҟа ралмыршаразы, иара убас азакәанҧҵара еилазгаз аҭакҧхықәра рақәыршәаразы.


  • Аҿҳәарақәа ирыхдырҧоит

2022  шықәса актәи ашықәсбжазы  апрокуратура аусбарҭақәа имҩаҧыргон апаспорттә раионтә ҟәшақәа рганахьала "Атәылауаҩразы" азакәани, убас Аҧсны атәылауаҩ ипаспорти анхара азини рыҭашьа ҳәаақәызҵауа егьырҭ азинҧҟарақәа  рықәныҟәаразы аплан иарбаз, иарбамыз агәаҭарақәа. Урҭ  мҩаҧыргон Очамчыратәи Галтәи араионқәа рпрокуратурақәа русзуҩцәа. 2020  ш. инаркны 2021 ш. азынӡа Очамчыра араион апаспорттә ҟәшаҿы иаарҧшын Аҧсны атәылауаҩ ипаспорт аиуразы арзаҳал алазҵаз апаспортқәа рыҭара аҿҳәарақәа. Агәаҭара иаҵанакыз аамҭазы 92-ҩык атәылауаа рганахьала аҿҳәарақәа  ирықәныҟәомызт. Хҭысқәак раан, аҿҳәарақәа шықәсык инареиҳаны ирхыҳәҳәеит, арахь "Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ ипаспортқәа рыҭашьеи, рыҧсахшьеи, рыҵәахышьеи рзы Аҧҟаразы" Аҧсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра амҩақәҵагала, уи апаспорт аиуразы арзаҳал аналаҵаха инаркны 2 мзы иреиҳамхароуп. Агәаҭара алҵшәақәа рыла Очамчыра араион апаспорттә ҟәшаҿы  иаарҧшыз аилагарақәа рзы аҩнуҵҟатәи ауқәа  Рминистрра Апаспорттә усбарҭахь агәҽанҵара ҟаҵоуп.


  • Гал аҭагылазаашьа шыҟоу

Гал араион апаспорттә ҟәша аплан иарбамыз агәаҭара ицәырнагеит аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи анхара азин рыҭаразы ашәҟәқәа реиқәыршәареи, мамзаргьы рықәгареи рзы аҧҟарақәа реилагара. Агәаҭара аан ишьақәыргылахеит аҭара иазырхиаз адокументқәа - Гал араион ауааҧсыра рганахьала 2017 ш. инаркны 2021 ш. азынӡа илҩааз, анхаразы азин аганахьала  742  шәҟәы. Убри аан анхара азин аиура иашьҭаз адырра рырымҭеит дара зыҳәаз иақәшаҳаҭхоу, ма мап ацәырку аҵыхәала. Абри иахҟьаны ирырҭарц азы имазеиз, аха  ианаамҭаз Гал  араион ауааҧсыра ирырымҭаз адокуентқәа – реиҳарак ықәгатәуп, избанзар анхара азин аҿҳәара  иартәоит ианрырҭаз аҽны инаркны 5 шықәса. Иаарҧшу агхақәа ртәы нагоуп аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра Апаспорттә усбарҭа аиҳабы иахь. "Агәаҭарақәа рылҵшәақәа иаҳдырбоит атәылауаҩ ипаспорт аиуразы (аҧсахразы) идҵаалаз атәылауаа рзинқәа, убас анхара азин аиуразы ашәҟәқәа алазҵаз аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааи рзинқәа реилагара афактқәа аҭыҧ шрымоу", – иазгәеиҭеит Дамир Кәыҵниа иажәахә аҟны.

Абарҭ аилагарақәа акык-ҩбак ракәым, убри аҟнытә апрокуратура аусбарҭақәа рнапы ианҵоуп хшыҩзышьҭра ҕәҕәа азыруларц араионқәеи Аҟәа ақалақьи  рпаспорттә ҟәшақәа русзуҩцәа имҩаҧырго аусқәа ахьынӡаиашоу.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me