Аҳәынҭдача "Пицунда": азҵаарақәеи аҭакқәеи аизыҟазаашьақәа ҧхасҭамтәкәа – аилибакаарахь

Сентиабр 5 азы Ауаажәларратә палата аҧшьгарала Ахада Иусбарҭаҿы имҩаҧысит аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи ауаажәларра ахаҭарнакцәеи реиҧылара.

Ахада иҧыларахь инеит ауаажәларратә усзуҩцәа Леуан Миқаа, Вианор Ашба, Геннади Ҵәыџьба, Руслан Ладариа, Мураҭ Аџьба.

Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа.

Ауаажәларратә палата хаҭарнакра азыруан Сократ Џьынџьал, Руслан Ҳашыг, Витали Смыр, Михаил Сангәлиа, Абессалом Кәарҷиа.

Аиҧылара иалахәыз алацәажәеит "Аҧсны адгьылҵакыра иахьаҵанакуа аобиект Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәашьеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рбжьара Аиқәшаҳаҭреи", уи аратификациазы абри азҵаара Жәлар Реизарахь анагареи ирымадоу аҭагылазаашьа. Излацәажәо аҳәынҭдача "Пицунда" ауп.

Аиҧылара аартуа, Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит: "Ҳара ҵасс иҳамоуп зеиҧш гәаанагарак азкылсразы ауаажәларра ахаҭарнакцәа алархәны Аҧсны аҿаҧхьа иқәгылоу акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәара. Абраҟа иҟоу зегьы сшәыҧхьоит шәгәы змырҭынчуа азҵаарақәа ртәы шәҳәарц.

Аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, Ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иаиҳәеит амчрақәеи еиуеиҧшым аполитикатә, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рбжьара аицәажәара аиҿкааразы Ауаажәларратә палата ажәалагала дахьахаҵгылаз.

"Иааҧымҵәаӡакәа аиҿыхарақәа рҭагылазаашьаҿы анхара-анҵыра, аизҳазыҕьара залшом. Ҳамчқәа зегьы азаҳкроуп аҧсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа рыӡбара. Иалҳаршароуп ауаажәлар рыҩнуҵҟа аҳәоуеиқәшәара. Ҳааҟәымҵӡакәа "уара утәы", "сара стәы", апатриотцәа, ипатриотцәам, амчра, аоппозициақәа ҳәа ашара ҳаҟәыҵроуп. Ҳҽеидаҳкылароуп Ҳаҧсадгьыл амаҵзура аидеиа акәша-мыкәша. Абасеиҧш иҟоу аиҧыларақәа акырӡа рыҵаркуеит, хьыӡҳәала абас еиҧшала иҵару, хра злоу апроблемақәа жәпакы рылацәажәара ауеит", – иҳәеит Џьынџьал.

Ахада Аслан Бжьаниа дақәшаҳаҭхеит ҳҳәынҭқарра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш хаха иахьыҧшу, аҧсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуа азҵаарақәа рганахьала еиқәыршаҳаҭу гәаанагарак аус адулара шаҭаху.

Ауаажәларратә усзуҩ Леуан Миқаа ажәалагала ҟаиҵеит аиҧылара ҧсышәала имҩаҧыргарц.

"Ҳара арахь ҳаанагеит ҳтәылеи ҳхәыҷқәеи ҧхьаҟатәи рҧеиҧш азы иҳамоу агәҭынчымра. Аҧсуа ҳәынҭқарра қәыҧш аҧсҭазаараҿы имаҷмызт иуадаҩыз аамҭақәа. Аибашьраҿы ҳаиааит, аблокада ҳхаагеит, ҳшьамхы аҳмырсит", –иазгәеиҭеит иара.

Миқаа ажәалагала ҟаиҵеит иахьатәи аиҧылараҿы аҳәынҭдача "Пицунда" азҵаара рхы азыркырц.

"Ҳара еиуеиҧшым ауаа, еиуеиҧшым ауаажәларратә, аполитикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ҳрацәажәахьеит, урҭ зегьы ргәы иҵхоит аҳәынҭдача "Пицунда" аганахьала ирыдыркылаз аӡбамҭа", – иҳәеит иара.

Аҧсны – тәыла маҷуп, даҽа ҳәынҭқаррак 184 гектар адгьыл аҭара, ари акурорт Пицунда абжа ауп, ишәарҭоуп, игәы иаанагоит Миқаа.

"Аҳәынҭдачаҿы ахыбрақәа рыкәша-мыкәша иаҵанакуа мацара акәызҭгьы зыӡбахә ҳәаз, ари даҽа усын, арахь аиқәшаҳаҭрала хатәмалк аҳасабала иаҭахоит Пицунда азбжак, убри инаҧшьны амшын ӡымҽхакгьы", – иазгәеиҭеит иара.

Миқаа иааигеит ахәҭаҷ 22 ацитата. Уаҟа иазгәаҭоуп: "Аҧсуа ган Урыстәылатәи аган аҽҧныҳәа анаҭаӡом аиуристтә хаҿқәеи мамзаргьы ауааҧсыреи еиҭамҵуа амазара, аҧсабаратә ресурсқәа, акультуратә, аҭоурыхтә малқәа ирнаҭо аҧхасҭазы, рмаҵуратә уалҧшьақәа раан аррамаҵзуҩцәа рхымҩаҧгашьақәа ирыхҟьаны. Аҧсуа ган ахы иаднаҵоит иарбоу ахымҩаҧгашьақәа инарымаданы ахҧатәи аган иқәнаргыларц зылшо аҽҧныҳәақәа рҭыҧ рықәҵара".

"Иамуӡози, анапы аҵаҩхаанӡа аиқәшаҳаҭра апроект атекст арҽеира?" – Ахада диазҵааит Миқаа.

Уи аҳәынҭқарра Ахада идигалеит аратификациазы Жәлар Реизарахь инагоу аиқәшаҳаҭра атекст ирхынҳәырц, адокумент иҵегьы аус адыруларц, уаҟа еилыхха ианырҧшхарц Урыстәылатәи аган аинтересқәа рымацара ракәымкәа, аҧсуа милаҭтә интересқәагьы.

"Ҳара аӡәгьы акымзарак ҳамҭас иҳаимҭеит, ҳшьала иааҳгеит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи. Зегьы иргәалашәоит Қырҭтәылаҿы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мчыла ишхадыргалоз, аблокада шаларгалоз, ҳҭахкааны ҳшыҟаз, аха зегьы ҳачҳаит", – иазгәеиҭеит иара.

Аҭакс Ахада ихшыҩ азишьҭит иааигаз ацитатаҿы зыӡбахә ҳәоу рмаҵзуратә уалҧшьақәа рынагӡараан аррамаҵзуҩцәа рхымҩаҧгашьақәа шраку, иааигеит "Аҧсуа ган иаҭоу аҧхасҭа, аиуристтә хаҿқәа, мамзаргьы ауааҧсыра, урҭ рхылҵшьҭрақәа акомпенсациа рзызшәо Урыстәылатәи аган шаку".

Агәыцыхцыхра зҵаз Леуан Миқаа иқәгылара даназыӡырҩ, Ахада ажәалагала ҟаиҵеит аиуристцәа ргәыҧ еизыргарц, аиқәшаҳаҭра атекст аекспертиза иахрыжьырц.

Леуан Миқаа иара убас иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра атекст аҟны ишарбам аҳәынҭдача ахҧатәи аган аҭара ақәиҭымтәра. Иара убас, азҵаара шьҭихит Урыстәыла иреиҳаӡоу амаҵурауаа рыҧсшьара иадҳәалам ахыбрақәа рыргылара ақәиҭымтәра аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу-иарбаму.

"184 гектар иахьрыҵаркуа шәкыла еиуеиҧшым ахыбрақәа ургылар ауеит, еиҭамҵуа аобиектқәак раҳасабала урҭ зегьы Урыстәылатәи аган иахатәмалны иҟалоит. Аиқәшаҳаҭраҿы еилыхха ианҵатәуп уаҟа зыргылара ауа, ма иамуа. Аиқәшаҳаҭраҿы иара убас ианӡам уи аҧҟарақәа реилагаразы аара зду аҭакҧхықәра рақәыршәашьа", – иҳәеит Миқаа.

Ахада Аслан Бжьаниа аиҧылара иалахәыз рыхшыҩ азишьҭит, ҳазну ашықәс азы аҳәынҭдача аганахьала аиқәшаҳаҭра еиҧшымрас иамоу убри ауп, 1995 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭрала Урыстәылатәи аган азин аман аҳәынҭдача ахыбрақәа рыхәҭак қьырала рыҭара азин.

"Урыстәылатәи аган иауалуп аиқәшаҳаҭраҿы иарбоу ахықәкқәа рзы мацара аобиект ахархәара. Аобиектқәа қьырала мамзаргьы ахҧатәи ахаҿқәа рыҭара ауӡом", – иаҵишьит Бжьаниа.

Гәдоуҭа араион ахадара ҧасатәи аиҳабы Руслан Ладариа иҳәеит заа иаламцәажәаӡакәа абри аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩтәымыз.

"Ҿырҧштәыс иаагозар, мшынла Пицунда инаркны Лӡаанӡа узланеирызеи, аҳәынҭдача инаваҵаны амшын ахәҭа раҳҭозар?" – дҵааит Ладариа.

 "Адгьыли амшын ахәҭеи хатәыс аӡәгьы иҭам. Аиқәшаҳаҭра ҿыц ҿҳәарас иамоуп 49 шықәса. Иахьа амч змоу 1995 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭра ҿҳәара амаӡам", – иазгәеиҭеит Ахада.

Бжьаниа иажәақәа рыла, аҳәынҭдача азҵаара иаалырҟьаны ицәырымҵӡеит. Урыстәыла аполитикцәа дуқәа рҟны еиуеиҧшым аиҧыларақәа раан, уи аамҭа-аамҭала ишьҭыҵуан. "Медведев иҧылараан акәзааит, Лавров иҧылараан акәзааит, аҳәынҭқарратә адача азҵаара ықәсыргылаӡомызт. Аха уи дара рхаҭақәа ишьҭырхуан. Сара исҭахын аҳәынҭдача азҵаара Аҧсни Урыстәылеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа амыруадаҩыр", – аҭак ҟаиҵеит Ахада.

Ладариа иара иганахьала, Ахада диҳәеит аиқәшаҳаҭра аратификациа азҵаара шьҭахьҟа ирхынҳәырц.

"Агәра ганы ҳаҟоуп, Урыстәыла ҳаилнакаап ҳәа. Ихьыҧшым аҳәынҭқарра ҳаргыларц ҳҭахызар, ҳтәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш ҳазхәыцуазар, шәааи, абри аидара ҳхәыҷқәа рыжәҩахыр иқәаҳхып. Ҳазхиоуп шәыдгылара, аха иахьа адгьыл иазыруа – шьашьатәуп – иҳәеит иара, Ахада ихы наиқәкны.

Жәлар Реизара аҟнытә аиқәшаҳаҭра аратификациа азҵаара ырхынҳәтәуп ҳәа Ладариа иажәалагала аҭакс, Бжьаниа иҳәеит: "Жәлар Реизара – ари амчра амахәҭақәа руак ауп. Уа еилдыргоит. Абас еиҧш иҟоу азҵаарақәа рыхәаҧшышьазы аҧҟара ыҟоуп", – ҩаҧхьа ажәалагала ҟаиҵеит аиуристцәа ргәыҧ еиҿыркаарц.

Иара иганахьала Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҳәеит абри ахырхарҭала аусура ишаҿу.

"Аиуристцәа аус руеит, убарҭ рҽырҧыршьроуп ауаажәларра инарго аиуристцәа, акандидатурақәа".

Аиҧылараҿы ишьҭыхын Аҧсны арратә шәарҭадара алыршара азҵаара. Аслан Бжьаниа ауаажәларра ахаҭарнакцәа ирабжьигеит иаркны еиҧыларц, инарыҧхьарц арратә специалистцәа, иагьрылацәажәарц арратә шәарҭадара азҵаарақәа, еиҿдырҧшырц Аҧсни, уи адгылаҩцәеи, аҕацәеи рырратә мчхарақәа.

Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иҳәеит аҳәынҭдача "Пицунда" атема шьҭыхуа, адгьыл рҭиуеит ҳәа анапхгара ахара рыдызҵауа зынӡаск дышрықәшаҳаҭым.

Иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раахыс абри адгьылҵакыра режимтә обиеқтны иҟоуп. 1995 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭрала, уи Урыстәылатәи аган ҵыхәаҧҵәала, ҿҳәара азҧымҵәакәа ахархәараҿы иҟоуп. Иара убри ашықәсазтәи аиқәшаҳаҭрала уи қьырала ирырҭар ауеит. 2022 шықәсазтәи аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа атәы акәзар, уи аҧхьатәи авариант аҟны ҳара иҳадҳамкылашаз ахәҭаҷқәа еиҳан, аха урҭ ҧсахын. Иааиҧмырҟьаӡакәа абри атема шьҭыхуа, Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы иҵоурам ацәқәырҧақәа шьҭаҳхуеит", – иҳәеит Шамба, зегьы дрыҧхьеит аҳәынҭқарра аинтересқәа шьаҭас иҟарҵаларц.

Иара иганахьала Геннади Ҵәыџьба иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аган аҳәынҭдача амхтәуп ҳәа аӡәгьы ишимҳәауа.

Ҵәыџьба ажәалагала ҟаиҵеит аиқәшаҳаҭра аратификациа иахымыццакырц.

"Ҧицунда" азҵаара еиднакылеит еиуеиҧшым аполитикатә лагерқәа ирыҵаркуазҵәҟьа. Шәхы ҳашәырхәа Аҧсуа ҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы,"– иҳәеит уи аҳәынҭқарра Ахада ихы наиқәкны.

"Аҧсны иара аҭоурых аҟны лассы-лассы аибашьрақәа ирынион. Иҟоуп азҵаарақәа, ажәлар ирыӡбаша. Аҳәынҭчынуаа рҿала зныкымкәа исаҳахьеит ҳара ҳхала, аганахьтәи ацхыраара ҳамамкәа проблемакгьы ҳзыӡбом ҳәа. Сара стәала, абасеиҧш иҟоу агәҭахәыцрақәа зынӡаск ииашаӡам", – иҳәеит Аҧсны Афырхаҵа Вианор Ашба.

Уи дақәшаҳаҭхеит аиуристцәа рхыҧхьаӡарахьтә аусуратә гәыҧ аиҿкаара, аиқәшаҳаҭра атекст аус адулара.

"Аха сара саҿагылоит аҳәынҭдача адгьылҵакыра даҽа ҳәынҭқаррак аҭара. Иалшаргьы амуеи, иаҳҳәап, аҭагылазаашьа аҽаҧсахыр, ахҧатәи аган иаҭахаргьы. Ахадацәа ааиуеит, ицоит, Путин иҭыҧ аҟны даҽаӡәы днеир, иаҧсыхәоузеи аҳәынҭдача?" – дҵааит иара.

Ашба иара убас интересс иҟаиҵеит аиқәшаҳаҭра ҿыц аҟны аҳәынҭдача инаваҵаны амшын ахәҭак зарбоузеи ҳәа.

"Еиуеиҧшым ацәажәарақәа санырзыӡырҩуа, убри аҩыза агәаанагара соуеит, ҳаҧсадгьыл аукцион аҟны иқәдыргылауашәа", – игәы иаланы иҳәеит Ашба.

"Адгьыл аҭира ҳақәшаҳаҭхар, ҳхәыҷқәа ирзынҳажьуазеи! Ҳара ҳадгьыл аӡәымзар аӡәгьы хатәмалны иаҳамҭароуп", – иаҵишьит иара.

Ауаажәларратә палата алахәыла Витали Смыр дадгылеит аиқәшаҳаҭра аексперттә хәшьара аҭаразы аиуристцәа разыҟаҵара аганахьала Ахада иидеиа.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иара Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба инапы ианиҵеит ҩыџь – хҩык аиуристцәа алиҧшаарц, иара убас аусуратә гәыҧ иалаиҵарц ауаажәларра аҟнытә ахаҭарнакцәа, дара ражәалагалақәа разыҟаҵаразы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me