Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы

Сентиабр 1 азы Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны раҧхьатәи аҵәҵәабжьы дыргеит. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 ашәхымс ихыҵит актәи акласс ахь ицаз 76-ҩык, урҭ рахьтә 44-ҩык ҷкәынцәоуп, 32-ҩык ӡҕабцәоуп. Ашкол аҟны аҵара рҵоит 810-ҩык раҟара аҵаҩцәа.

Аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵарашықәс алагара рыдырныҳәаларц уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

Ашкол адиреқтор Нона Делба, агәырҕьаратә цәаҳәа аартуа, иазгәалҭеит раҧхьаӡа акәны ашкол дшаҭааз Ахада, ари арҵаҩцәа аҭакҧхықәра ду шрыднаҵауа. Аҵаҩцәа зегьы ирыдылныҳәалеит сентиабр 1, ҷыдала актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз.

Аслан Бжьаниа ашколхәыҷқәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа адыррақәа Рымш рыдиныҳәалеит: «Ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит аҵараҿы, шәырҵаҩцәеи шәҭаацәеи шәыргәырҕьалааит. Уаҵәы ҳҳәынҭқарра шәахагылараны шәыҟоуп. Ашколтә ҧсҭазаара – дарбанзаалак иҧсҭазаараҿы аамҭа ҷыдоуп. Шәара араҟа аҩышьа, аҧхьашьа шәҵоит, раҧхьаӡа акәны аҩызцәа шәырҳауеит. Шәышкол ихьӡ ахуп Баграт Шьынқәба, ари аҭакҧхықәра шәыднаҵоит еиҕьны аҵара шәҵаларц азы. Мҩамш!».

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ашколхәыҷқәа ирыдиныҳәалеит адыррақәа жәларбжьаратәи Рымш, ирзеиҕьаишьеит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, аҵараҿы ақәҿиарақәа. Уи аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала ашкол адиреқтор лнапаҿы илиҭеит акомпиутертә техника аахәаразы асертификат. Агәырҕьаратә цәаҳәа ашьҭахь, Аҳәынҭқарра Ахада дрыхәаҧшит ашкол, иара убас Баграт Шьынқәба имузеи ахьыҟоу ауада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me