Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит

Уаҟа ирылацәажәеит аҳәынҭқарраҿы акриминогентә ҭагылазаашьа азҵаарақәа, ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәҧараҿы еишьашәалоу аусбарҭақәа ирыдыркылауа аусмҩаҧгатәқәа.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Дмитри Дбар, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи иаҭыҧуаҩ Ҭемыр Ахьиба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me