Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АРЕСПУБЛИКА АҦСНЫ ИРЕИҲАӠОУ АСОВЕТ АПРЕЗИДИУМИ АМИНИСТРЦӘА РСОВЕТИ РҞНЫТӘ

1993 шықәса ианвар 6 асааҭ 21 рзы иҭыҧахь деибганы дзыхнымҳәӡакәа дҭахеит иеибашьратә дҵа нагӡаны иаауаз Ареспблика Аҧсны Арбџьар Мчқәа рҳаиртә хыхьчара еиҳабы Олег Евгени-иҧа Ҷанба.

Олег Евгени-иҧа диит 1962 шықәсазы Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭаҿы. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь 1974 шықәсазы дҭалеит арратә аҧырҩцәа разыҟаҵарҭа Армавиртәи аҵараиурҭа ибзиаӡаны далгеит 1983 шықәсазы.

Аҧырҩы-аибашьҩы О.Е. Ҷанба раҧхьа хәышықәса аррамаҵзура дахысуан Монголиа, ашьҭахь – Молдова – аескадрилиа акомандирс дыҟан.

Ҳаамҭазтәи аибашьыгатә ҳаирплан хыкқәа рызҟазара ибзиаӡаны знапаҿы иаазгахьаз аҧсуа ҷкәын аррамаҵра ахысразы Курилтәи адгьылбжьахақәа рахь дцараны дшыҟаз иаҳаит игәы ҭызшьаашаз ажәабжь – иҧсадгьыл гәакьа Аҧсны ақырҭуа агрессорцәа шақәлаз. Аҧсуа жәлар рҵеи иаша хьаҳә-хьачарак ҟамҵаӡакәа зегь реиҳа санаҭаху абыржәоуп ҳәа иҧхьаӡаны Аҧсныҟа дааит.

Араҟа дахьааиз идырреи иҧышәеи ихы иархәаны аҳаиртә хыхьчара аус аиҿкаара активлаҵәҟьа иҽалаирхәт, иаарласынгьы уи ахадараҿы днагылеит.

Ареспублика Аҧсны атәылахьчаразы уи иҟаиҵаз алагала ду ахәшьара уадаҩуп. Аҕа иеилаҧыххаараҿы игәымшәареи иҟазшьа бзиеи идырреи рыла зегьы рзы дҿырҧшыган. Уи акырынтә ҳаирла аибашьратә дҵақәа наигӡахьан, еснагь фырхаҵарыла иуалҧшьа нагӡаны дхынҳәуан.

Арепублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиуми Ареспублика Аминистрцәа Рсовети гәалсра дуӡӡаны ирыдыркылеит Олег Евгени-иҧа Ҷанба иҭахара, иагьрыдашшылоит уи иҭаацәеи иуацәеи.

Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум

Ареспублика Аҧсны Аминистрцәа Рсовет

Гәдоуҭа ақ. Ианвар 9. 1993 шықәса

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me