Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум иҟанаҵаз ааԥхьара

 

1992 шықәса август 14 рзы техника хьанҭала, артилериала, аибашьыгатә авиациала еибыҭоу Қырҭтәыла архәҭақәа имҳәа-мырза ралаларала еиҧҟьан Аҧсны жәлар рҭынч ҧсҭазаара. Иалагеит асуверентә Республика Аҧсны иаҿагыланы Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа.

Аҧышәара уадаҩқәа рыхҭыргоит ҳажәлар. Хыҧхьаӡарала, бџьарла акырынтә иҳаҧызго агрессор Аҧсны атерриториа ахәҭак импыҵахаланы. Қырҭтәыла ацәгьоуратә напхгара акыр аамҭа аахыс ргәы иҭакны ирымаз аплан ажәлар ргеноцидҵәҟьа, урҭ рҭоурыхи ркультуреи рбаҟақәа рҭархара. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыхра – анагӡара нападыркит.

Иааидкыланы ажәлар зегьы аҟазаареи аҟамзаареи зҵаараны раҧхьа ианаақәгыла аҭынчратә занааҭқәа змаз ауаа абџьар рымкыр ада ҧсыхәа ҟамлеит: анаука аусзуҩцәа, акультура аусзуҩцәа, аусуҩцәа, анхацәа, астудентцәа.

Ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы Аҧсны жәлар рықәҧара иаша атәылақәа жәпакы рҟны аилкаареи адгылареи роуит. Аҧсны ахьчаҩцәа инарыцлеит Нхыҵ Кавказ аешьаратә республикақәа рҟнытәи зхатәгәаҧхарала иааз. Ацхырааразы иаҳзааит аурысцәа, аукраинцәа, аказакцәа. Аус иаша ахьчаразы рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иааит аҳәаанхыҵ инхо аҧсуаа.

Зыҧсадгьыл ахьчара иазгылаз ажәлар аҕа ишиқәнагоу еиҧш ааха ирҭоит. Амацәаз ахы иҭаку Тҟәарчал ауааҧсыра рхачҳара уахи-ҽни ампыҵахалаҩцәа ҭынч атәаха рызымҭо апартизанцәа русурақәа зегьы рзы афырхаҵареи агәымшәареи ирҿырҧшыганы иҟалеит.

Аибашьраҿы ацәыӡқәа ҟамлар ауам. Ииасхьоу амзақәа рыла иҭахахьеит шәҩыла Аҧсны ахьчаҩцәа гәымшәақәа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы рыхьӡ-рыҧша легендахахьеит. Аҧсадгьыл ахә ҳаракны иашьоит иара аҧацәа рфырхаҵара ҧхьаҟатәи абиҧарақәа ргәалашәараҿы еиқәдырхоит зхатәгәаҧхарала иааз Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз афырхацәа рыхьӡқәа. Ахақәиҭреи ахьҧшымреи рзы Аҧсны жәлар рықәҧара аҭоурых наунагӡа зыхьӡқәа аныло рхыҧхьаӡараҿы иҟалоит 1993 шықәса ианвар 5 рзы Аҟәа ақалақь акалҭқәа рҿы ажәылара ҕәҕәа аан иҭахаз рыхьӡқәа. Урҭ рхамеигӡара, урҭ рфырхаҵара Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рхы аздырхоит аҕа еилаҧыххаарахь.

Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ауаҩы гәакьа дызцәыӡыз иарбанзаалак аҭаацәара ирыцеиҩыршоит рхьааи ргәырҩеи, инарҵауланы агәра ганы ишыҟоу аҳәеит ажәлар ироуз аҧсҭбарақәа мала баша ишбжьамӡуа.

Аибашьра ишаҿыц иаҿуп. Минуҭк иадамзаргьы иаҳмырҧсыҽроуп аҕа иҿагыланы ақәҧараҿы ҳҽазышәарақәа. Ачҳара, аиааира – абар ҳара ҳхықәкы, уи азоуп иахьа зегьы зыҟаҳҵауа. Агрессор иага ҟаиҵаргьы, иага иҽиргызмалыргьы уи ихықәкы анагӡара илшом. Зҭоурых ашәышықәсақәа ирыларсу, акыр зыхҭызгахьоу, агеноцид ашәарҭара ҿыцҵәҟьа аҿаҧхьа ҕәҕәалаҵәҟьа зхы зыхьчо ажәлар аӡәгьы дзыриааиӡом.

Ихарам ҳадгьыл аоккупантцәа анықәцахо амшгьы.


АРЕСПУБЛИКА АҦСНЫ ИРЕИҲАӠОУ АСОВЕТ АПРЕЗИДИУМ

Ақ. Гәдоуҭа, 1993 шықәса ианвар 9.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me