Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиаша зегьы ирдырырц

Ареспублика Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ажурналисттә Еидгылақәа Жәларбжьаратәи Рконфедерациахь Ааҧхьара ҟанаҵеит. Ахәҭакахьала уаҟа иаҳәоит:

Хәмз ҵит Аҧсны иаҿагыланы ақырҭцәа агрессиа ианалагаз аҽны инаркны . Уи хықәкы хадас иамоуп аконституциатә шьақәгылашьеи аҧсуаа рҳәынҭқарреи раҧыхра.

Ақырҭуа мпыҵахалацәа рганахьала ауаҩы изинқәа массала реилагара зыршаҳаҭуа ракәны иҟоуп ирбаандаҩу, абахҭа иҭаку Аҧсны ауааҧсыра. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы имаҷҩым ажурналистцәагьы ҿырҧшыс иаагозар. Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Сарион Ҭаркьыл, ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгылақәа ирылоу Таиф Аџьба ампыҵахалаҩцәа рбахҭақәа рҟны ихабар ыҟамкәа ибжьаӡыз Аҧсуа аурыс журналистцәа зегьы рынхарҭа, рмазара еимрҵәеит, идырҳәит. Ирымпыҵархалаз азона алҵра иахьымӡаз рыҧсҭазаара ашәарҭа ҕәҕәа иҭаргылоуп. Аҧсны жәлар инагӡаҵәҟьаны еилыркаауеит Қырҭтәыла иаҿагыланы ари мчыла еиҟароу еибашьраны ишыҟам, избанзар аҧсуа жәлар раасҭа урҭ хыҧхьаӡарала ҩынҩажәантә еиҳауп. Иҟалаз аҭагылазаашьа алҵраз мҩа заҵәык ауп иҟоу – Аҧсны ақырҭуа оккупантцәа рархәҭақәа зегьы хымҧада ралгара.

Ареспублика Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Аҧсны жәлар рзы иҭакҧхықәроу, акырӡа зҵазкуа аамҭазы аконфедеративтә еидгыла иалоу ажурнралисттә организациақәа ирыҧхьоит аныӡаареи аҭахареи ирҭагылоу Ареспублика Аҧсны ауааҧсыра зегьы рзинқәа рыхьчаразы рыбжьы дыргарц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me