Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳаиртә баҕәаза – аҳәынҭқарра иатәуп

Иҳаҩсыз амзазы Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников Аҧсны даныҟаз, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза «Аҟәа» аҟны иалацәажәан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара авиаеимадара аиҭарҿыцразы аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу.

Аҧсны аекономика Аминистрра адырраҭара злаҟанаҵо ала, абри апроеқт анагӡараҿы ҧҟара хаданы иҟоуп Аҧсны аҳәынҭқарратә хатәмал аиқәырхара иҧсабаратәым ашьҭыҧраара-тәарҭатә цәаҳәа анапхгара, егьырҭ ацхырааратә мҩа кьаҿқәа, ҳаирла аҧырра аиҿкаара иазку аобиеқтқәа, алашарбаратә шьақәгылақәа аҳаиртә баҕәаза иаҵанакуа егьырҭ аобиеқтқәа (фымцала, ӡыла аиқәыршәара, аӡышьҭрақәа, аимадара асистемақәа) уҳәа егьырҭгьы.

Иарбоу аобиеқтқәа реиҭашьақәыргылареи рырҽеиреи ҧарала реиқәыршәаразы аицәажәарақәа мҩаҧысуеит Урыстәылатәи Афедерациа азинмч змоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рҟны. Ҳазну аамҭазы аусурақәа рымҽхаки рыхәҧсеи рышьақәыргыларазы апроеқт-сметатә шәҟәқәа аус рыдулара иаҿуп.

Иара убас ирзааҭгылан аҳаиртә баҕәаза иаҵанакуа амазара арҽеиразы заанаҵтәи апланқәа. Уаҟа иарбоуп ахыбрақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара, аҳаирбаҕәазатә комплеқс ҿыц аргылара, фымцала, ӡыла, аиқәыршәара, аӡышьҭрақәа, аимадара асистема, ашәарҭадара уҳәа аобиеқтқәа иҟоу реиҭашьақәыргылара, иамуӡар аҿыцқәа рыргылара. Ашьҭыҧраара-тәарҭатә цәаҳәеи егьырҭ аргыламҭақәеи зеиҧшроу аилкааразы аспециалистцәа аҧышәарақәа мҩаҧыргеит. Уахь иаҵанакуеит аҿырҧштәқәа ргара, ашьҭыҧраара – тәарҭатә цәаҳәа ахьамҭара ахьынӡазҳауа, уҳәа егьырҭгьы.

Ахатәы инвестициаҟаҵара аобиеқтқәа раҳасабала изхәаҧшуа аҳаирвокзалтә, абылтәыҭаҭәарҭатә комплеқсқәа, убас амаҵзура-техникатә ҵакы змоу аобиеқтқәа аҭыҧ рзалхра ауп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me