Ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа

Ашықәс Ҿыц аламҭалаз еснагь ауаҩы аҳамҭақәа дрызхәыцуеит, ирысҭарызеишь сҭаацәа, сыуацәа, сҭахцәа, сҩызцәа ҳәа.

Ашықәс аламҭалазы ақалақь ауааҧсыра ргәазыҳәарақәа анагӡараҿы ацхыраара рырҭарц  еиҳа иргәаҧхо алхразы, акультура-ҟазарҭатә платформа «Гәыма» аҟны еиҿкаан Ашықәсҿыцазтәи ахәаахәҭрақәа.

Араҟа улаҧш иҵамшәар ауамызт хкы рацәала ицәыргақәҵаз, Ашықәс Ҿыц иашьашәалоу амаҭәарқәа, аҧсаӡ злаурхиаша ахәмаргақәа, мҿтәылыхла иҟаҵоу еиуеиҧшым амаҭәашьарқәа, асаркьа иалху еиуеиҧшым аҳамҭақәа, зыфҩы хаау апорфиумқәа, Ашықәс Ҿыцазтәи адныҳәалара зну ашәҟәқәа уҳәа убас ирацәаны.

Ҳара ҳзыҿцәажәаз акультуратә-ҟазарҭатә платформа «Гәыма» аҿы аусзуҩы Шьарида Ҭыжәба илҳәеит, ас еиҧш иҟоу аџьармыкьақәа мҩаҧыргоижьҭеи хышықәса шҵуа. Урҭ еснагь еиуеиҧшым аныҳәатә хҭысқәа ишрыдҳәалоу. Ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аџьармыкьақәа мҩаҧыргоит хынтә. Уажәтәи зҽалазырхәуа рхыҧхьаӡара маҷ-маҷ иацлоит. Еизакны иуҳәозар 100-ҩык инарзынаҧшуа рхы аладырхәуеит аџьармыкьа ҭбаақәа, аха Ашықәс Ҿыцазтәи аџьармыкьа рхы аладырхәит 27-ҩык абизнес маҷ знапы алаку ауааҧсыра.  Дара аахәаҩцәа ирыдыргало атауарқәа рхаҭабзиара даара иҳаракуп.

Лара лажәақәа рыла, ас еиҧш иҟоу аџьармыкьа еиҿкаахоит декабр 23, 24, 29 рзы.  Аусура иалагоит ашьыжь, асааҭ 10 инаркны ахәылбыҽха – асааҭ 6 рзынӡа.  

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me