Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аинтеллектуалтә хәмарра

Ҧхынҷкәынмза ахыркәшамҭаз Гагра ақалақь аҟны имҩаҧган аинтеллектуалтә хәмарра «Аҧеиҧш». 

 Ари ахәмарра аҧҵоуижьҭеи шықәсык ауп иҵуа, аха иахьа Гагра иқәынхо гәахәарыла  ирылаҵәахьеит. Иара мҩаҧысуеит Гагра араион Ахадара абҩарҵәыреи, аҿари, аспорти рхеилак аҧшьгарала. Аусмҩаҧгатә ҵакы хаданы иазықәгылоуп аҿар ринтеллеқт аизырҳареи аҵарадырра аихаҳареи разхьаҧшра. Аиндаҭлара рхы аладырхәырц рылшоит Гагра араион аҟнытә еиуеиҧшым аусбарҭақәа русзуҩцәа.

Сынтәатәи аиҧылараҿы еицлабуан Гагра ақалақь Ахадара аусзуҩцәеи, ақыҭа Бзыҧҭа Ахадара аусзуҩцәеи. Ӡбаҩцәас иааҧхьан: Гагра араион Ахада ихаҭыҧуаҩ Гәынба Хана Владимир-иҧҳа, Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Хьециа Ҭамаз Михаил-иҧа, иара убас аҭоурых арҵаҩы Ҧлиа Сариа Сурам-иҧҳа.

Ахәмарра иахәаҧшырц иаҭааит Гагра араион аҵара аҟәша вусзуҩцәа, Гагратәи абжьаратә  школқәа рырҵаҩцәа, агәыҧқәа рылахәцәа рҩызцәа уҳәа аинтерес зызцәырнагаз зегьы.

Аицлабра хацыркын минутқтәи аҿымҭрала. Анаҩсан ииасын ахадаратә хәҭахьы.

Ахәмарра ҩ-хәҭа хадак рыла ишьақәгылан. Актәи иалагӡаны агәыҧқәа ркаҧданцәа аӡәаӡәала иалырхуан аекран аҟны ианыз «акәалаҧҷыда», уаҟа ицәырҵуан ҳажәлари ҳҭоурыхи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Минуҭк иалагӡаны азҵаара аҭак ҟаҵатәын. Ииашоу аҭак азы агәыҧқәа ироуан абаллқәа. Аҵыхәтәан ахыркәшаратә хәҭаҟны иӡбахон аиааира згаз агәыҧ. Хымҧада иаиааиуа агәыҧ иазыҧшын агәыҟаҵага – аҧаратә аҧхьахә. Уи Гагра ақалақь Ахадара аусзуҩцәа ргәыҧ акәхеит.

Ахәмарра аҧхьахә аиура акәӡам изызкыз,аибадырреи, аицлабреи, анаҩстәи аиҩызареи роуп хықәкыс ирымаз аҽны еизаз, аиндаҭлара иалахәызгьы, иахәаҧшуазгьы зегьы. Абасала гәалаҟазаара бзиала ихыркәшан аинтеллектуалтә хәмарра «Аҧеиҧш».


Софиа Дгебуаӡе

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me