Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Рныҳәамш рыдиныҳәалеит

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, – адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада «аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩ иусура ҳаҭыр амоуп, аха убри аан еснагь ашәарҭара ацуп, ари иуадаҩу азанааҭ ҷыдала азыҟаҵара, ахамеигӡара, агәымшәара аҭахуп» ҳәа  инаҵшьны иҳәеит. 

«Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа ахаангьы иҳараку апрофессионализм аадырԥшуан ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара, асуверенитет ахьчара инадҳәаланы хьӡи-ԥшеи рыла инарыгӡоз русқәа рыла. Шәара шәусура улаԥш иҵашәо иҟаӡам. Аха есҽнытәи шәусура ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхара иазкуп», – азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Иахьа аҩнуҵҟатәи еиԥш, адәныҟатәи ашәарҭарақәа ыҟоуп. Убри инамаданы иҷыдоу амаҵзура аусбарҭақәа рнапынҵақәа рынагӡараан аоперативла урҭ аҭак аҟаҵара рыхәҭоуп. Аҳәынҭқарра Ахада  ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра ахырбгалара иашьҭоу амчқәа шыҟоу иҳәеит. «Ҳҳәынҭқарреи ҳетноси реиқәырхаразы  иҟоу аметодқәа зегьы рыла  ашәарҭарақәа рҿагылара шәылшәыршароуп. Ҳҳәынҭқарра ҳзеиқәмырхар – ҳетносгьы ҟалаӡом», -  иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

«Икылкааны ихадоу азҵаарақәа  рыла ҳԥырхагахара иашьҭоуп, хаҭала сара сгәаанагарала, аиҳарак ишәарҭоу Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵшәаара.  Ҭоурыхла ҳхатәы ҩнаҿы анхареи аизҳазыӷьареи рзы алшара ҳауит.  Иҳамоуп ари аҩны аргылараҿы адгылара ҳазҭо аҩызцәа.  Ҳаицхырааны ари аҩны ҳаргылароуп, уи азы гәаартыла ҳаизыҟазароуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура  ахыдҵақәа зегьы рынагӡара шалшо азы агәра шиго азгәеиҭеит, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура хаҭалатәи аилазаара зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иазкны рнапы злаку аусқәа рҟны аихьӡарақәа.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, ахәҭакахьала, атәыла анапхгара аоперативтә еилазаара ганрацәала иарҭо ацхыраареи аусура ахәшьара ҳараки рзы иҭабуп иҳәеит. 

 Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз, Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟақәа ирыԥхьеит. Урҭ инарықәрыршәаны, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура  аусзуҩцәа  Т. Арӡынбеи Р. Чакветаӡеи «аполковник» ҳәа арратә хьӡы ранашьахеит, иара убас аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп амаиор Дмитри Қәычбериа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me