Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи аделегациа – Ҭырқәтәылан

Ԥхынҷкәынмза  19 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рцара инҭагӡаны, имҩаԥысит Аԥснытәи адипломатиатә корпуси аделегациа ахаҭарнакцәеи русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура. 

Аилацәажәара аан Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба адепутатцәа Ахаҭарнакра аусура ихадоу ахырхарҭақәа рзы адырра риҭеит.  Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа ихадоу ахыдҵақәа иреиуоуп адиаспора аҩнуҵҟа аимадарақәа рырӷәӷәара, иара убас рҭоурыхтә Ԥсадгьыли адиаспореи реизааигатәра иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аџьынџьуаа рконсультә маҵзура анагӡара, адәныҟаполитикатә аԥшьгамҭақәа рынагӡареи ганрацәала Аԥсны азы ииашоу аинформациа Ҭырқәтәыла аларҵәареи.

 Аԥсны Апарламентә делегациа иалоуп Рашида Аиба, Венори  Бебиа, Баҭал Џьопуа, Нарсоу Салаҟаиа, Демур Гогиа, Инар Гыцба. Аделегациа иацуп арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҳәынҭеилакы азинтә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиа, арепатриациа Афонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа.

Адепутатцәа иԥылеит Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Левент Аҭрышба.

Аиԥылараҿы адиаспора аҩнуҵҟа аԥсуа бызшәа аҵара, атрадициақәа, аҵасқәа, ақьабзқәа реиқәырхареи рырҿиареи уҳәа рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку апроектқәа рынагӡара азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

 Аԥснытәи аделегациа аҭаара апрограмма  иазԥхьагәанаҭоит иара убас аԥсуа-абаза жәлар рдиаспора ахаҭарнакцәа иааизакны иахьықәынхо ақыҭақәеи аиланхарҭа ҭыԥқәеи рҭаара.   Аԥснытәи аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика рҭаара хыркәшахеит ԥхынҷкәынмза 21 азы.

* * *

 

Аԥснытәи аделегациа иаҭааит Адаԥазар иаҵанакуа, аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо Сақариа ақалақь. Аԥсуа культуратә центр анапхгаҩы Орал Бганба, асасцәа идирбеит ҿыц идыргалаз адернеқь ахыбра. Иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа дырҵаразы акружокқәа шеиҿкаау, арҵаҩцәа руаӡәк, Мануела Хәырхәмалԥҳа, Аԥсны дшеиуоу, араҟа аҭаацәара дшалоу. Иара убас иҳәеит, аҟазара аусхкқәа ишрызҿлымҳау, уи иазку аусмҩаԥгатәқәа шеиҿыркаауа. Иара убас, Аԥснытәи аделегациа алшара рыман аԥсуа диаспора ахьынхо Қәызлықә (Гьечрыԥшь) ақыҭа абара. Аҭыԥантәи абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи дареи злахәыз, аԥхарра зцыз аиԥылара мҩаԥысит.

Иазгәаҭатәуп, арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аделегациа реилазаараҟны ишыҟоу Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа.

 

* * *

 

Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аҭааит Сҭампыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аконсулра Хада, – иаанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.

Сҭампыл иҟоу Урыстәыла аконсул хада Андреи Буравов иԥылара иалахәын арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ҭырқәтәылан Аԥсны ахаҭарнакс иҟоу Ибраҳим Аҩӡба.

Иазгәаҭан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, наҟ-ааҟ аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рыла ишьақәырӷәӷәоу адәныҟатәи аполитикаҿы аусеицура лҵшәа бзиала ацҵара.

Аиԥылара мҩаԥысит иԥхаӡа аиҩызаратә ҭагылазаашьа аманы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me