Бзиала уаабеит, агәылшьап!

Мышқәак рышьҭахь ҳазҭоу Ажьа ашықәс – 2023-тәи  ашықәс наскьаго, «Бзиала  уаабеит» – ҳәа ҳаҧылоит ҳашәхымс илагылоу амҿтәы гәылшьап иаҵәа ашықәс.

Астрологцәа изларҳәо ала, ҳазҭало 2024-тәи ашықәс азы символра ауеит агәылшьап, хаҭала, амҿтәы гәылшьап иаҵәа.

Ажьа – иразу, иҳалалу, зымшьҭа бзиоу ҧстәны излаҧхьаӡоу ала, ашықәс аҩнуҵҟа зынӡа ҟыҟда-ҿыҟда, «акәтаҕь былгьо» изыҟамлазаргьы, хаҭала, аҧсуа жәлар ҳзы, Анцәа Ду имчала рыцҳара дук ҳзаанамгеит, ҳҭанамыргылеит.

Аха, еснагь еиҧш, ҳазҭалараны иҟоу Ашықәс Ҿыц – гәыҕра шәкы адаҳҳәалоит хәыҷгьы-дугьы. Ҳәарада, зегь раҧхьаӡа, гәаҳәаран инаӡарц  ҳзызгәышьуагьы  ҳажәлар рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи роуп. Егьырҭ амилаҭқәа рзгьы, адунеи зегь аҟны аҭынчра  ыҟазар ҳҭахуп, аха акыр зхызгахьоу ҳажәлар рҧеиҧш гәыҵхас иахьҳамоу аҟнытә иалҳамкаарц залшом.

Китаитәи амзар излаҳәо ала, 2024-тәи ашықәс символра азызуа аҧстәы агәра ҳнаргоит аманшәалареи ақәҿиареи рыла ашықәс шымҩасуа азы.

Агәылшьап даара акыр зылшо, акыр злоу ҧстәуп, уи символра азнауеит:  алшара, агәамч реиҧш иҟоу аҟазшьақәа, иара  убас аҭышәынтәалареи агәыҕреи уаҩы изҭо, хҭыс рацәалеи лыҵшәа бзиалеи ашықәс зырбеио, мҽхакы ҭбаалагьы аиҭакрақәа азгәазҭо ҧстәуп. Убри аҟнытә, дарбанызаалак агәылшьап ашықәс азы, дазыҟаҵазароуп иалкаау ахҭысқәеи аиҭакрақәеи.

Ашықәс  Ҿыц аҧылараан зегь реиҳа ихадароуп ауаҩы игәалаҟазаара.  Ирҳәоит «Ашықәс Ҿыц ушаҧылаз еиҧш иухугоит» – ҳәа. Убри аҟнытә, агәалаҟазаара бзиеи агәыҕреи аӡәгьы дырмеижьароуп.

Агәылшьап бзиа иабоит алахҿыхра, ауаа рацәа рыбжьы, иара убас афеиерверкқәагьы. Асасдкыларазгьы иауҭахуазеи, аҧсуаа ирхылҵшьҭроушәа, ачеиџьыка рхианы асасцәа рҧылареи, рныҟәгареи, рынаскьагареи гәахәарыла инанагӡоит.

Астрологцәа излазгәарҭо ала, 2024-тәи агәылшьап ашықәс азы даара аманшәалара зцу  ҧшшәқәоуп ҳәа иҧхьаӡоуп: араӡны, ахәа, ашкәакәа. Аха ашықәс иасимволу, иалкаау ҧшшәқәаны иазгәаҭоуп: аиаҵәа, аҟаҧшь, ахьыҧшшәыла.

Ашықәс Ҿыц ауха, аныҳәа аҧылараан хаҭала, аҳәса рзы амшьҭа бзиоуп ҳәа иҧхьаӡоуп китаи жәлар рмилаҭ маҭәа «кимано» ¬– аҵкы амаҕрақәа ҭбааны ашәҵара, иара убас ацәашәҵатәы маҭәа шаҟа ицырцыруа, иблахкыгоу, «апоетка» ҳәа  изышьҭоу ала ихырҷоу аҟара, еиҳагьы еиҕьоуп.

Ажәакала, Ашықәс Ҿыц азы аишәа архиашьа, ашәырқәеи афатәқәеи знырҵо ачыс маҭәа инаркны зегьы ҷыдала иазнеитәуп. Иҟоуп уи даара гәцаракрала, зҿлымҳарала иазыҟоу, иназыгӡо.  Ҳәарада, урҭ аҷыдарақәа еиуеиҧшыым, иагьмаҷым.  Ихадоу – аишәа архиараҿы ачыс маҭәа – амҿи акерамикеи ирылхзар,  амандаринеи апельсини аишәа иагымзар ибзиоуп ҳәа ишьоуп. Китаитәи амзар ишаҳәо ала, сгәы иаанагоит хаҭала, аҧсуа жәлар аишәа архиара уеизгьы ирцәыуадаҩхом ҳәа. Убри аҟнытә, ҳагәыламлацәакәан, хаҭала, ҳауаажәлар еиҳа иҳашьашәалоу аҿы ааҭгылара акгьы амам.

Ҽаанбзиала, мышьҭа­бзиа­­ла шәгәырҕьо шәнеилааит! Ҳазҭало  Ашықәс  Ҿыц хаҭа-хаҭала, ҩнаҭа-ҩнаҭала ишәзаанагааит агәабзиареи, агәамчи, аманшәалареи! 


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me