Ҽаанбзиала, 2024-тәи Ашықәс Ҿыц!

Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа, Ахақәиҭра  Ашҭа  иахьа иҭәуп хәыҷыла. Есышықәса еиԥш сынтәагьы гәацԥыҳәарала идырхиеит ақалақь Аԥсаӡ хада. Уи инаҷыдангьы ашҭа ҭбаа  дырԥшӡоит еилыԥхаауа аԥсаӡ маҷқәа, алашара згәылыԥхаауа еиуеиԥшым ахәмарга блахкыгақәа. Абар иааигәахоит 2024-тәи Ашықәс ҿыц. Ииасуа ашықәс иацыз агәеиҵахарақәа наҟ инаскьаго, ҳаԥылоит Ашықәс ҿыц.

Хәыҷла-дула агәыӷра  дуқәа здаҳҳәало аныҳәа ԥшӡа  –Ашықәс ҿыц амҩаԥгараз ихиан асцена. Ашҭа иазымкуа еизаз хәыҷгьы-дугьы аныҳәа рыдныҳәало иқәгылеит амҩаԥгаҩцәа Алхас Манаргиеи, Алиса Шамбеи.

Уи инақәырццакны аныҳәа аԥшә­мацәа – ахәыҷқәа иҟарҵаз аҳәарала ацәашьқәа блахкыгаха иаалашеит аныҳәа асимвол – Аԥсаӡ хада.

Сасгьы аԥшәымагьы Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба. Ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аилибакаара. Амҩаԥгаҩцәа иазгәарҭеит иара убас сынтәа ақалақь Ахадара ахьӡала, 2024 шықәса ауха раԥхьаӡа ииз ахәыҷы 100  нызқь мааҭ иаԥсоу асертификат ҳамҭас ишиҭахо́. Уи аҩыза аԥаратә ҳамҭа иаҳхысыз ашықәсазгьы  ирыҭан.

Ашықәс ҿац иазкыз аныҳәа иацҵан аконцерт ала. Аестрадатә шәаҳәаҩцәа Ильда Қәычбериа, Хатуна Ҭарба, Сати Какәбаа, Дмитри Ԥиԥиа инарыгӡон аныҳәа иазкыз  рашәақәа.

Џьара акала урҭ ирыҵахомызт, абаҩхатәра ҷыда злоу ҳашәаҳәаҩцәа хәыҷқәеи ҳакәашацәеи.

Саида Габниа лхәыҷтәы студиа, ансамбль «Шьараҭын»  ахәыҷтәы студиа «Иаирума», Ковач ихьӡ зху амузикатә школ аҵаҩцәа, Циала Ҷкадуа – «Абаза», Капелла – «Лаит» асцена ықәдырцәажәаауан. Ахақәиҭра ашҭаҿы иара убас еиҿкаауп аныҳәа аҭааҩцәа рзы апавилион маҷқәа, ахәыҷқәа иааинырсланы акы иахьнацҳаша, рыбла зыргәырӷьо ашықәсҿыцазтәи  ашанақәа рнаҩсгьы, ирымоуп ргәы иақәшәо ахаа-мыхаақәа ргьама ахьырбаша.

Ишдыру еиԥш , Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы гәазыҳәарала, еиҿкаарала имҩаԥысуеит ашықәс ҿыц иазку адныҳәаларатә усмҩаԥгатәқәа, ҳаҳҭны-қалақь акәзар, ари аныҳәамш ҷыдала иацклаԥшуеит.

Аԥсаӡ хада ашҟа имҩахыҵуеит ақалақь иаланхо ахәыҷқәа инарҷыдангьы, егьырҭ Аԥсны араионқәа рҿынтәгьы ашколхәыҷқәа. Ажьырныҳәа мза 15 рзынӡа ара имҩаԥыслоит еиуеиԥшым аныҳәатә програмақәа. Згәы азыҳәо зегьы бзиала шәаабеит, Ҽаанбзиала шәгәырӷьо шәҭысааит ҳазҭало 2024 шықәса! 


Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me